АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Цәыббра.2022

ОЧАМЧЫРА АҚАЛАҚЬ АҾЫ АХӘЫҶБАҲЧА «АӠЫХЬ» ААРТРА ИАЗКНЫ АНЫҲӘАТӘ УСМҨАԤГАТӘ МҨАԤЫСИТ.

Аҟәа. Цәыббрамза 12, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 12 рзы Очамчыра  ақалақь аҿы ахәыҷбаҳча «Аӡыхь» аартра иазкны аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥысит. Ацеремониа рхы аладырхәит атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа, Очамчыра араион ахада  Беслан Бигәаа.

Ахәыҷбаҳча «Аӡыхь» Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхыраара азы Аинвестициатә Программа ахарџь ала иргылахеит.

Ахәыҷбаҳча аргылара хацыркын ԥхынгәымза, 2017 шықәса рзы, аргыларатә усурақәа хыркәшахар акәын ҭагалан,   2019 шықәса рзы, аха иаарԥшхаз агхақәа ирыхҟьаны аобиект араион ахадареи аҵареи абызшәатә политикеи Рминистрреи рыла ахархәарахь адкылара залмыршахеит.

Уажәы аргылаҩцәеи араион ахадареи рымчала аусурақәа зегьы хыркәшахеит, аобиектгьы ахархәарахь ирыдыркылеит.

Очамчыратәи ахәыҷқәа ари ахҭыс иазыԥшиижьҭеи акрааҵуан, ари аобиект аартра ахьалыршахаз акыргьы ргәы иаахәеит. Ахәыҷбаҳча аартра иазкны имҩаԥысыз агәырӷьаратә церемониа аҿы ашәаҳәарақәеи акәашарақәеи рацәан.   

 


Read 434 times - Ашәахьа, 12 Цәыббра 2022 21:49
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.