АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Цәыббра.2022

АПАРЛАМЕНТ АДЕПУТАЦӘА ААИГӘАТӘИ АПЕРСПЕКТИВА АЗЫ АУСУРА АПЛАНҚӘА ИРЫЛАЦӘАЖӘЕИТ.

Аҟәа. Цәыббрамза 12, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа, цәыббрамза 12 рзы, имҩаԥысит адепутатцәа есымчыбжьатәи русуратә еилатәара. Уи мҩаԥигон Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба.  

Аилатәара аҿы адепутатцәа атәыла иреиҳаӡоу азакәанԥҵаратәи аусбарҭа ԥхьаҟатәи аусуратә зԥхьагәаҭарақәа ирылацәажәеит, ааигәа имҩаԥысуа ҭагалантәи асессиа аилатәарақәа рҿы  изхәаԥшраны иҟоу хазы игоу азакәан апроектқәа ирыдҳәалоу азҵаарақәагьы уахь иналаҵаны.

Цәыббрамза 7 инаркны апарламенттә ԥсшьараамҭақәа рхыркәшара ашьҭахь, Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа ҩаԥхьа русура анагӡара иазыхынҳәит.


Read 430 times - Ашәахьа, 12 Цәыббра 2022 21:57
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.