АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Цәыббра.2022

АԤСНЫ АРХИТЕКТОРЦӘА ҞРЫМТӘИ АФОРУМ РХЫ АЛАДЫРХӘУЕИТ.

Аҟәа. Цәыббрамза 15, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата ацхыраарала Аҟәа ақалақь архитектор хада Светлана Шаменкова лнапхгарала Аԥснытәи аделегациа Ҟрым атерриториа акомплекстә ҿиара азы жәларбжьаратәи аконференциа «Крым Урбан Форум» рхы аладырхәуеит.

Аусмҩаԥгатә цәыббрамза  15 – 17 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарреи Ареспублика Ҟрыми рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә, анаука-техникатә, агуманитартә усеицура азы акомплекстә план анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны   имҩаԥыслоит.

Аԥсны аделегациа аилазаараҿы иҟоуп: Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата аусзуҩ, аинформациатә технологиақәа, аӡыргареи ацәыргақәҵатә усуреи рзы Аусбарҭа анапхгаҩы инапынҵақәа назыгӡо Ната Амҷба, архитекторцәа Ҭемыр Касланӡиеи Кама Кациеи.

Аделегациа алахәылацәа актуалтә тенденциақәа, 2022-2023 шш. еиҭамҵуа амазара аџьармыкьа аҿиареи аперспективтә еизҳареи рылацәажәара алшара рыманы афорум аусуратә программа  иалахәхоит.

Аҟәа ақалақь архитектор хада Светлана Шаменкова Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьӡала адныҳәаларатә ажәахә ҟалҵеит, уи иара убас  атема «Аԥсны аргыларатә усхкы аҿиара апроблемақәеи аперспективақәеи» ала адискуссиа лхы алалырхәуеит.  

В рамках мероприятия будет представлен фильм о нашей республике, подготовленный ТПП РА.   


Read 454 times - Аԥшьаша, 15 Цәыббра 2022 22:52
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.