АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Цәыббра.2022

АԤСНЫ АГӘАБЗИАРАХЬЧАРА АМИНИСТРРЕИ УРЫСТӘЫЛА АХАРХӘАРАХЫЛАԤШРА АУСБАРҬЕИ АУСЕИЦУРАЗЫ АИҚӘШАҲАҬРА РЫБЖЬАРҴЕИТ.

Аҟәа. Цәыббрамза 15, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба ҳаҭыр зқәу асас иаҳасабала Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә санитар-епидемиологиатә Маҵзура  аԥҵара 100-шықәса ахыҵра инамаданы имҩаԥгаз аныҳәатә коллегиа ихы алаирхәит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра апресс- маҵзура.

Аиԥылара аԥсуа ган аҟынтәи иара убас рхы аладырхәит Аҟәа ақалақь асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаева, жәларбжьаратәи аусеицуразы агәабзиарахьчара аминистр иабжьгаҩ, Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩ Нури Хәарҵкьиа. 

Аколлегиа аҳәаақәа ирҭагӡаны «Аԥсны Аҳәынҭқарра агәабзиарахьчара Аминистрреи ахархәаҩцәа рзинқәа рыхьчареи ауаҩы еизҳазыӷьареи рзы Афедералтә маҵзуреи (Урыстәылатәи Афедерациа) ауааԥсыра рсанитар-епидемиологиатә еизҳазыӷьара аиқәыршәара аусхкы аҿы аусеицура азы Аиқәшаҳаҭра» рыбжьарҵеит.

Урыстәыла ахархәарахылаԥшра Аусбарҭа ахада Анна Попова, напхгара зылҭо Ахылаԥшырҭа аринахысгьы Аԥсны ганрацәала ацхыраара иазхиоуп ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит. 

Ахәҭакахьала, Едуард Быҭәба ареспублика Урыстәыла ахархәарахылаԥшра Аусбарҭа аганахьала Аԥсны иаиуо ацхыраара ахә ҳаракны иршьоит ҳәа иазгәеиҭеит. Аиҳарак уи ахадара ҳнырит акоронавирустә ҿкы чымазара апандемиа аныҟаз аамҭазы.

Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра анымҩаԥыс ашьҭахь Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Анна Попова  агәаларшәагатә ҳамҭа ланеишьеит.

Алла Белиаева амаҵзура шәы-шықәса ахыҵра инамаданы амедал ланаршьеит.  

Москваҟа иусуратә ҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны аминистр афедералтә медицинатә центрқәак рнапхгаҩцәа  рԥылара азԥхьагәаҭаны имоуп.


Read 494 times - Аԥшьаша, 15 Цәыббра 2022 19:38
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.