АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Цәыббра.2022

ЦӘЫББРАМЗА 30 – АԤСНЫ АИААИРЕИ АХЬЫԤШЫМРЕИ РЫМШНЫҲӘА АЗГӘАРҬОИТ.

Аҟәа.  Цәыббрамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 30 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа. Ари амш аҽны аветеранцәа еизаны  29 - шықәса раԥхьа иҟаз ахҭысқәа ргәаладыршәоит, ирывыршьааз рҩызцәеи рашьцәеи рҳаҭгәынқәа ирҭаауеит.

Ашьыжь инаркны 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз ргәаладыршәарц азы Аҟәа ақалақь, Ахьӡ-Аԥша апарк ахь инеиуеит хыԥхьаӡара рацәала ауаа. 

Асааҭ 10:00 рзы Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аиааира Амш 29 - шықәса ахыҵра азгәаҭаразы Аԥсныҟа иааз аделегациақәа рхаҭарнакцәа 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз рҳаҭгәынқәа рҿы ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵоит.

Асааҭ 11:00 рзы Ахьӡ-Аԥша апарк иаваршәны инагоу Аидгылара амҩаду ала атәылахьчара Аминистрра апарадтә гәыԥқәа шьаҿеиқәшәала рыиасра мҩаԥгахоит.   

Асааҭ 12:10 рзы – Аҟәа араион Алада Ешыра ақыҭан иҟоу, Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Арӡынба Имемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара иадҳәалоу ацеремониа мҩаԥгахоит.

Асааҭ 13:20 рзы – Очамчыра араион Џьгьарда ақыҭан иҟоу, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩбатәи Ахада Сергеи Багаԥшь иҳаҭгәын аҿы ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара иадҳәалоу ацеремониа мҩаԥгахоит.  

Асааҭ 15:00​ рзы Аиааира Амш азгәаҭара иазкны амаланыҟәатә еиԥхныҩлара иалагоит. Амаршрут: Леон имҩаду №17 (Аҟәа ақалақь Ахадара ахыбра) инаркны А.Г.Арӡынба Имемориал (Алада Ешыра ақыҭа) аҟынӡа инеины шьҭахьҟа ихынҳәуеит.

Асааҭ 18:00 рзы Р. Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҿы имҩаԥгахоит Аԥсны зҽаԥсазтәыз жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи ансамбль аныҳәатә концерт.

Асааҭ 20:00 рзы С.Багаԥшь ихьӡ зху аплошьад аҿы аԥсуа естрада артистцәа злаху аныҳәатә концерт мҩаԥысуеит.  

Аԥсны зегьы иахьаҵанакуа еиуеиԥшым аныҳәатә гәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит.

29  шықәса раԥхьа, цәыббрамза  30, 1993 шықәса рзы Аԥсуа ар аибашьцәа аҳәаа иаԥну Егры ыӡиас аҟынӡа инаӡаны, уаҟа аԥсуа бираҟ ахадыргылеит.

413 мши-ҵхи ицоз ари ашьаарҵәыратә еибашьра Қырҭтәыла аҳәынҭсовет архәҭақәа раиааирала ихыркәшахеит.

Ареспублика аҿы иҟамзар ҟалап ҭаацәаракгьы ари аныҳәа гәырӷьара дула иахьазгәарымҭо. Ари амш аамҭак ала агәырӷьареи алаӷырӡи зцу ныҳәа дууп. Уи 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра ахырәшара амш ҳәа Аԥсны аҭоурых адаҟьақәа ирнылеит.

Цәыббрамза, 1993 шықәазы Аҟәа ахақәиҭтәразы имҩаԥгаз ажәылараан аиҿагылара ӷәӷәақәа мҩаԥысуан инеиԥынкыланы 12 мшы. Мҩадуцыԥхьаӡа, ҩныцыԥхьаӡа, абжьаларҭақәа, ахыбрақәа, уҳәа, шьаҿа-шьаҿала аҳҭнықалақь ақырҭуа мпыҵахалыҩцәа рҟынтәи ахы иақәиҭхон.  Ҳаибашьцәа гәымшәақәа ирылшеит 12-нызықьҩык рҟынӡа инаӡоз аӷа хәымга ирхәҭақәа шьҭахьҟа рынаскьагара. Аҵыхәтәаны, цәыббрамза 27, 1993 шықәса рзы ҳаҳҭнықалақь агәаҿы игылаз Аминистрцәа Реилазаара ахыбра иахашәыршәырит Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ. Ҳаԥсадгьыл аҳҭнықалақь ахы иақәиҭтәын. Аҟәа аӷа даламкәа аҭарцәра иаанагоз Аԥсны аӷа далцоуп акәын! Араҟоуп иахьыҵхыз Аиааира ашьаҭа! Иаанхаз хымш рыла аӷа дыԥхаҵан шьҭахьҟа. Арҭ ажәыларақәа раан уааԥсылеи техникалеи акыр ацәыӡ зауз аӷа ирхәҭақәа макьаназы аоккупациа зызуз Аԥсны мрагыларатәи ахәҭа араионқәа рҿы  еффективла аҽагылара амҩаԥгара алымшо иалагеит.  Цәыббрамза 28 рзы Гәылрыԥшьи Очамчыреи рҳәаа иаԥну Кәыдры  аӡиас ацҳаҿы еиԥылеит Аԥсны Мрагыларатәии Мраҭашәаратәии афронтқәа рырхәҭақәа. Цәыббрамза 30, 1993 шықәса рзы Аԥсны ақырҭуа мпыҵахалыҩ иҟынтәи зынӡа ахы иақәиҭхеит.   

Аҭоурыхтә наукақәа ркандидат, аполковник ​ Уаликәа Ԥачлиа ишәҟәы «Аԥсуа-қырҭуатә еибашьра аҿы имҩаԥысуаз арратә хҭысқәа (1992 – 1993 шш.)​. Адокументқәеи аматериалқәеи» аԥхьажәа аҟны иааигаз адыррақәа рыла,​ ​ «Иааизакны, аԥсуа-қырҭуатә еибашьра аҿы аԥсуаа рганахьала аибашьра иалахәын 18 150-ҩык. Урҭ рахьынтә:​ аибашьара адәаҿы еибашьуан - 13 970-ҩык,​ атыл аҿы аус руан - 4 180-ҩык. Хатәгәаԥхарала еибашьуаз рхыԥхьаӡара - 2 310-ҩык рҟынӡа инаӡоит.

Еиуеиԥшым афронтқәа рҿы еибашьуаз рхыԥхьаӡара:​ ​

​Гәымсҭатәи афронт аҿы - 12 520 - ҩык.​ ​ ​

Мрагыларатәи афрон аҟны - 5 630 - ҩык.​ ​ ​

Гагратәи афронт аҟны – 1 600 – ҩык. (афронт 1,5 мзы роуп ианыҟаз.). 

Аибашьра аҿы ахәрақәа зауз рхыԥхьаӡара – 7 нызықь ҩык рҟынӡа инаӡоит. Иҭахаз рхыԥхьаӡара - 2-нызықь ҩык рҟынӡа инаӡоит».


Read 407 times - Ахәаша, 30 Цәыббра 2022 13:33
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.