АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Цәыббра.2022

АХЬӠ-АԤША АПАРК АҾЫ АԤСНЫ ЖӘЛАР РЏЬЫНЏЬТӘЫЛАТӘИ ЕИБАШЬРА АҾЫ ИҬАХАЗ РМЕМОРИАЛ АМҴАН АШӘҬ ШЬЫҴӘРАҚӘА РЫШЬҬАҴАРА АЦЕРЕМОНИА МҨАԤЫСИТ.

Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Аԥсны Қырҭтәыла аҳәынҭсовет архәҭақәа рҟынтәи ахақәиҭтәра  Амш 29 шықәса ахыҵуеит. Цәыббрамза 30  рзы Ареспублика аҿы Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа азгәарҭоит.

Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз Рмемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара иадҳәалоу ацеремониа  мҩаԥысит.

Иҭахаз ргәаладыршәарц арахь имҩахыҵит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Аиҳабы Џьансыхә Нанба, ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, атәыла Анапхгара ахаҭарнакцәа, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҷыдалкаатә зинмы змоу Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Олег Бациев, Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика Ахаҭарнакра Ахада Гарри Кәыпалба, аибашьра аветеранцәа, иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи, ауаажәларратә еилазаара ахаҭарнакцәеи, ашколхәыҷқәа, астуденцәа, ақалақь ауааԥсыреи аҳҭнықалақь иаҭааз асасцәеи.


Read 486 times - Ахәаша, 30 Цәыббра 2022 13:53
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.