АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Цәыббра.2022

АПАРТИА "АИҬАИРА", ИАРА УБАС АГӘЫҲАЛАЛРАТӘ ФОНД «ИАҲГӘАЛАШӘОИТ» АИААИРЕИ АХЬЫԤШЫМРЕИ РЫМШНЫҲӘА АЗЫ АДНЫҲӘАЛАРА ҞАРҴЕИТ.

Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аполитикатә партиа «Аиҭаира, иара убас агәыҳалалратә фонд «Иаҳгәалашәоит» Аԥсны жәлар Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа рыдырныҳәалеит.

«Аԥсны иреиӷьу аԥацәеи аԥҳацәеи, иара убас Нхыҵ Кавказ, Алада Урыстәылеи, егьырҭ уи арегионқәеи, Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла, уҳәа рҟынтәи иааз хатәгәаԥхарауаа рфырхаҵара  агәалашәара, 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа ҳаҭырқәҵарала рызныҟәара – хаҭала ҳареи, еиҵагыло аҿари рҿаԥхьа ҭакԥхықәраны иҳадуп. Ирзеиӷьаҳшьоит зегьы агәабзиара, ахирра, аизҳазыӷьара, ақәҿиара дуқәа. Ишәҭыкакаҷлааит ҳтәыла ссир. Шәадныҳәалаз аныҳәа ду!», – ҳәа иаҳәоит апартиа «Аиҭаира» иҟанаҵаз адныҳәалара атекст.

«Агәыҳалалратә фонд «Иаҳгәалашәоит» Аԥсны жәлар Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа инамаданы ирыдныҳәалоит. Ҷыдала адныҳәаларақәа рызкуп – Аԥсны ашәарҭара ианҭагыла рашьцәа аԥсуаа ирыцхраарц хатәгәаԥхарала иааз аибашьцәа.  

Шәара шәыцхыраарада аибашьра иахылҿиаауаз атәы аҳәара уадаҩуп. Аԥсны жәлар ахаангьы ргәаҵаҿы иаанхоит аҟазаареи аҟамзаареи ианрыбжьагыла ацхыраара рызҭаз зегьы. Аныҳәа шәадныҳәалаз ҳаҭыр ду зқәу ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи. Агәабзиара, аҭынчра, ахирра, ишәзааигәоуи шәареи ианагьгьы аманшәалара шәыцзааит!», – ҳәа иазгәаҭоуп афонд ахантәаҩы Леонид Лакербаиеи уи ихаҭыԥуаҩ Лиалиа Чамагәуеи рнапы зҵарҩыз адныҳәалара аҿы. отмечается в поздравлении, подписанном  председателем фонда Леонидом Лакербая и  его заместителем Лялей Чамагуа.


Read 514 times - Ахәаша, 30 Цәыббра 2022 17:45
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.