АЖӘАБЖЬҚӘА

29.Мшаҧы.2025

Аԥснытәи аҿар Нижни Новгород имҩаԥысраны иҟоу Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль рхы аладырхәуеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аҿар активла азыҳәамҭақәа аларҵоит Нижни Новгород имҩаԥысраны иҟоу Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль алахәхара азы, ҳәа еиҭеиҳәеит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы аҿар рыҟәша аспециалист Хада Ахра Бебиа.

Ира иҟаиҵаз адыррақәа рыла, иҳаҩсыз ашықәс  азы  Аԥснынтәи иалаҵаз 900 зыҳәамҭа рҟынтәи афорум алахәхаразы иалкаахеит  100-ҩык.  Усҟан  афестиваль еиднакылеит 20 нызықьҩык рҟынӡа алахәылацәа: 10 нызықь ҩык Урыстәылантәи, иара убас 10 нызықьҩык рҟынӡа аҳәаанырцәтәи асасцәа.  

2024 шықәсазы ари афестиваль зхы алазырхәыз Беслан Аршба Адунеизегьтәи аҿар рфестивал иара зеиӷьаҟам ацәаныррақәа изцәырнагеит, убри аҟнытә иара ҩаԥхьа ари афестиваль алахәхара иҽазишәоит ҳәа иазгәеиҭеит.

Беслан Аршба еизаз ирзеиҭеиҳәеит мшаԥымза 16 рзы Москва ақалақь аҿы ишымҩаԥысыз Адунеизегьтәи аҿар Рфестиваль Амшира иазкны аусмҩаԥгатә шьахә. Уи рхы аладырхәит  100-ҩык инарзынаԥшуа ауаа, аиҿкааҩцәеи апартниорцәеи уахь иналаҵаны.  Алаҳәара ҟаҵан, цәыббрамза 17 рзы Нижни Новгород аҿы Адунеизегьтәи аҿар Рфестиваль шымҩаԥысуа атәы. Уи адевиз «Россия согревает».

«Ари аконцепциа алшара аԥнаҵоит адунеи зегьы аҟынтәи аҿар реидкылара азы, иара убас Урыстәыла аиҩызара шалшо, аҿар рыпроектқәа рынагӡареи аусеицуреи ишазхиоу аанарԥшуеит. Сара сгәы иҭоуп ҩаԥхьа афестиваль алахәхаразы азыҳәамҭа  алаҵара, сгәы хыҭхыҭуа сазыԥшуп ари ахҭыс», - ҳәа иҳәеит Беслан Аршба.

Афестиваль алахәылацәас иҟалар рылшоит 14 шықәса инаркны 35 шықәсанӡа зхыҵуа зегьы.  

Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль алахәхаразы ашәҟәҭагалара мҩаԥыслоит ԥхынгәымза 20 аҟынӡа.


Read 67 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.