Аҟәа. Лаҵарамза 1, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи аҳәынҭқарратә коллеџь аҿы мшаԥымза 28–30 рзы имҩаԥысуан «Акогнитивтәии ацәажәаратәии аԥкрақәеи аилагарақәеи змоу ахаҿқәа рдиагностикеи рребилитациеи амультидисциплинартә знеишьа» ҳәа атема ала азанааҭдырра аҩаӡара ашьҭыхра акурсқәа.
Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргон Урыстәыла зыхьӡ нагоу аекспертцәа – апедагогикатә наукақәа рдоктор Маргарита Русецкаиа, апедагогикатә наукақәа ркандидат Гульнара Валлиулина, аҳақьым-аневролог Виолетта Иванова, уҳәа убас егьырҭгьы.
Азанааҭдырра аҩаӡара ашьҭыхра акурсқәа «Аԥсны акогнитивтәии ацәажәаратәии аԥкрақәеи аилагарақәеи змоу ахаҿқәа рдиагностикеи рребилитациеи иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа» атема ла имҩаԥгаз астол гьежь ала ихыркәшахеит.
Ҭаҭарсҭанынтәи иааз Гульнара Валлиулина арегион аҿы алогопедттә цхыраара аҵаратәи амедицинатәи усбарҭақәа русура иалагалоуп ҳәа иазгәалҭеит.
«Уи алшара аԥнаҵоит митәык иуадаҩым аиҵахарақәа змоу ахәыҷқәа ахәыҷбаҳчаҿы, мамзаргьы ашколқәа рҿы ишыҟоу раԥхьатәи ацхыраара рыҭара. Изызҳахьоу апациентцәа иҷыдоу адгылара аполиклиникақәеи ахәышәтәырҭақәеи рҿы ирырҭоит», — ҳәа иазгәалҭеит лара.
Лара ахшыҩзышьҭра алҭеит апрофессионалтә еилазаара аҿаԥхьа ицәырҵуа ауадаҩрақәа:
«Ҳара есышықәса аҵараиурҭақәа 50-55 – ҩык аспециалистцәа шоурыжьуагьы, аус зуа аспециалистцәа рзанааҭтә дырра аҩаӡара ашьҭыхразы иааиԥмырҟьаӡакәа акурсқәа шымҩаԥысуагьы, уеизгьы зыквалификциа ҳараку акадрқәа разымхара ҳныԥшуеит».
ААУ арҵаҩы еиҳабы, ахәыҷтәы лагопед Анетта Бганба Аԥсны зцәажәаратә лшарақәа ԥку ахәыҷқәа асоциал-педагогикатә цхыраара рыҭара аганахьала аҳәынҭқарратә дгылара шымҩаԥысуа атәы еиҭалҳәеит. Лара инаҵшьны иазгәалҭеит, 1992 шықәсанӡа, Асовет Еидгыла цқьа иазхәыцны ишьақәгылаз аҳәынҭқарратә политика иабзоураны, ареспублика аҿы иҟан иҭышәынтәалаз алагопед-дефектологцәа ркадртә потенциал. Аха 90-тәи ашықәсқәа рзы иҟалаз ахҭысқәа рышьҭахь ас еиԥш иҟоу аспециалистцәа рхыԥхьаӡара акыр илаҟәит.
«Иахьа иарбоу аусхкы аҿы Асовет Еидгыла аныҟаз аҵара зҵаз рхыԥхьаӡара аҟынтәи ирацәамкәа аспециалистцәа аус руеит, урҭ иреиуоуп А. Макарович, Л. Џьынџьолиа, А. Погосиан, иара убас И. Кәарҷиа. 2002 – 2012шш. рзы ААУ Москватәи асоциал-гуманитартә Институти рыпрограмма аус ауан. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны 52-ҩык инареиҳаны алогопед-дефектологцәа азыҟаҵан. Аха урҭ аӡәырҩы рзанааҭ ала аус руӡом», – ҳәа илҳәеит Анетта Бганба.
Анетта Бганба алогопед И. Кәарҷиа аҟәатәи ахәыҷтәы поликлиника аҿы зцәажәаратә лшарақәа ԥку 2000-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа ашәҟәы ишҭагалоу азы иҟалҵаз адыррақәа аалгеит.
Анетта Бганба лазгәаҭарақәа рыла, аҟәатәи ашколқәа 2-3 аклассқәа рҿы аҵара зҵо аҵаҩцәа рҟынтәи 40% рҟынӡа рцәажәаратә лшарақәа ԥкуп.
Анетта Бганба алогопедцәеи адефектологцәеи разыҟаҵара амеханизмқәа аус рыдулара иаҵоу аҵакы ахадара азгәалҭеит.
Анетта Бганба лгәаанагарала алагопедцәа рыпрофессионалтә еидгылара аԥҵара хымԥадатәиуп.
Адискуссиа ахыркәшамҭаз алогопедцәа, адефектологцәеи Ареспублика Аԥсны аинклиузивтә ҵарадырра аспециалистцәеи Рассоциациа аӡыргара мҩаԥысит. Ассоциациа аусура ахырхарҭақәа иреиуоуп аԥсуа милаҭтә логопедиа. Уи азы аусуратә гәыԥ аԥҵахоит, уи иалалоит аҭыԥантәи алогопедцәа, иара убас аԥсуа бызшәа аспециалистцәа, алингвистцәа. Иара убас аԥсуа шьҭыбжьқәа рыспецифика аҭҵаарахьы иадыԥхьалахоит ааԥхьара зауа Урыстәылатәи аспециалистцәагьы.
Астол гьежь аиҿкаара ахахьы иагеит аҵарадырра Аминистрра, Апсихо-педагогикатә цхыраара Ацентр, алогопедцәа, адефектологцәеи Аԥсны аинклиузивтә ҵарадырра аспециалистцәеи Рассоциациа.