Аконференциа аартуа, Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩы Саида Быҭәба инаҵшьны иазгәалҭеит:
«Ҳара иахьа иазгәаҳҭоит Ареспублика Аԥсны азеиԥш иурисдикциа аӡбарҭақәа раԥҵара 102-шықәса ахыҵра. Ари акыр зҵазкуа хҭысуп азиндырратә еилазаара зегьы азы. Сынтәа ҳара ҳконференциа алахәхаразы иаларҵо азыҳәамҭақәа рхыԥхьаӡара акыр ишацлаз аабоит. Аконференциа алахәылацәа ргеографиа шьҭарнахыс иамҽханакуеит Саратов, Ижевск, Челиабинск, Ставрополь, Шәача, Москва, Минск реиԥш иҟоу ақалақьқәа.
Сара зегьы акыр шәшеилахоугьы аамҭа ԥшааны ҳконференциа ахь иаашәырԥшуа аинтереси алахәхареи рзы иҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Ҳара ҳхықәкы хаданы иҟоуп – аконференциа Аԥсны аиашаӡбареи аӡбаратә системеи ирыдҳәалоу ихадоу азҵаарақәа рылацәжәара азы хра злоу плошьадканы аҟаҵара».
Аконференциа мҩаԥыслоит х-секциак аҳәаақәа ирҭагӡаны: «Атәылауаа аиашаӡбара азы рзин» (Права граждан на правосудие»), «Ареспублика Аԥсны аӡбаратә система аҿиара аҭагылазаашьеи атенденциақәеи» (Состояние и тенденции развития судебной системы Республики Абхазия»), «Ареспублика Аԥсны аӡбареиҿкаара апроблемақәа» («Проблемы судопроизводства в Республике Абхазия»).
Зынӡа асекциатә еилатәарақәа рҿы иқәгылараны иҟоуп 31-ҩык ажәахәҟаҵаҩцәа.