АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 3:58

Аспециалистцәа русуратә гәыԥқәа Аԥсны араионқәа рҿы ақыҭанхамҩатә проектқәа рыҭҵаара иалагеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрра ақыҭанхамҩа аҿиара ахықәкытә программа «Ақыҭанхамҩа аҿиара–2025» ала инагӡахо апроектқәа рыҭҵааразы аспециалистцәа русуратә гәыԥқәа аԥнаҵеит. Аекспертцәа апроектқәа ахәшьара рырҭоит араионқәа рыла.

2025 шықәсазы ақыҭанхамҩа аҿиаразы апрограмма анагӡаразы ареспубликатә биуџьеҭ аҟынтәи иазоужьхоит 150 млн. мааҭ.

– Гагра  араион аҿы рыдгалара мҩаԥгоуп 11 проект, урҭ рыхәԥсатә еицҵалыҵ 7 946 250 мааҭ рҟынӡа инаӡоит;

– Гәдоуҭа араион аҿы –152 проект, урҭ рыхәԥсатә еицҵалыҵ 79 685 861 мааҭ  рҟынӡа  инаӡоит;

– Аҟәа араион аҿы – 42 проект, урҭ рыхәԥсатә еицҵалыҵ 29 374 208 мааҭ рҟынӡа инаӡоит;

–  Гәылрыԥшь араион аҿы – 20 проект, урҭ рыхәԥсатә еицҵалыҵ 13 589 700 мааҭ рҟынӡа инаӡоит;

–  Очамчыра араион аҿы – 213 проект, урҭ рыхәԥсатә еицҵалыҵ 124 181 219 мааҭ рҟынӡа инаӡоит;

– Ҭҟәарчал араион аҿы – 35 проект, урҭ рыхәԥсатә еицҵалыҵ 23 721 224 мааҭ  рҟынӡа инаӡоит;

–   Гал араион  аҿы – 14 проект, урҭ рыхәԥсатә еицҵалыҵ 14 402 999 мааҭ  рҟынӡа  инаӡоит.

Апрограмма анагӡара ихадоу ахырхарҭақәа:  аҵиааӡара, арахәааӡара, амеханизациа маҷ, ақыҭанхамҩатә аалыҵ аус адулара, аԥсыӡкра, аԥхасҭа зырҿио ахәаҷа-маҷа хкқәа рықәхреи аҵиаақәа рчымазарақәа рҿагылареи.  

Лаҵарамза 12 рзы иҟаз адыррақәа рыла, аусуратә гәыԥ Аҟәа араион аҿы ақыҭақәа Акапа, Ӡыгәҭа, Баслаҭа, Гәыма  (зыхәԥсатә еицҵалыҵ 16 млн. мааҭ иреиҳау 11 проект) рыпроектқәа ргәаҭареи рыҭҵаареи мҩаԥнагеит.

Гәдоуҭа араион аҿы аусуратә гәыԥ ақыҭақәа Ҟәланырхәа, Аацы, Абӷархықә, Мҵара, Арсаул, Аҷандареи Ԥсырцхеи  (зыхәԥсатә еицҵалыҵ 20 млн. мааҭ иреиҳау 30 проект) рыпроектқәа ҭырҵааит.

Гагра араион аҿы аусуратә гәыԥ  ргәаҭареи рыҭҵаареи мҩаԥнагеит зеицҵалыҵ 7 млн. мааҭ иреиҳау  11 проект.

Аусурпатә гәыԥ Очамчыра  араион аҿы Очамчыра ақалақьи  Акәасқьа, Гәыԥ, Ачгәара, Баслахә ақыҭақәеи рыпроектқәа (зыхәԥсатә еицҵалыҵ 20 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡо  23 проект) ргәаҭареи рыҭҵаареи мҩаԥнагеит.

Ареспублика араионқәа рҿы апроектқәа ргәаҭареи рыҭҵаареи мҩаԥысуеит.

Иааидкыланы ахәаԥшразы аминистррахь инагоуп 487 проект 292, 901 461 мааҭ рыхә. Уи абиуџьеттә лимит аҵкьыс 162 901 461 рыла еиҳауп. Апрограмма анагӡаразы абиуџьет иалагалоуп 150 миллион мааҭ.

 

 

 

 


Read 65 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.