АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Лаҵара.2025

Ихыркәшахеит аҳәсеи ахацәеи ркомандақәа рыбжьара Аԥсны амилаҭтә напылампылтә чемпионатқәа.

Аҟәа. Лаҵарамза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысит аҳәсеи ахацәеи ркомандақәа рыбжьара Аԥсны амилаҭтә напылампылтә чемпионатқәа рхыркәшара иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.

Ахацәа ркомандақәа рыбжьароа аиааира агеит Пицундатәи акоманда «Кьиараз» (азыҟаҵаҩ Алеқсандр Арамиан). Аҩбатәи аҭыԥ агеит аҟәатәи «Спартак» (азыҟаҵаҩ Олег Лакрба), ахԥатәи аҭыԥ   – акоманда «Аҟәа («Сухум») (азыҟаҵаҩ  Зураб Маргиа).

Аҳәса рчемпионат аҿы аиааира агеит акоманда  «Гагра» (азыҟаҵаҩ Ольга Мамаева), араӡны  агеит акоманда «Аҟәа»(«Сухум») (азыҟаҵаҩ Рузанна Нкалина),  аџьазтә аԥхьахә агеит – пицундатәи акоманда «Фортуна» (азыҟаҵаҩ Алеқсандр Арамиан). 

Иреиӷьу ахьчаҩ (либеро) ҳәа иалкаахеит Сандра Ладариа («Фортуна»), Гәыдиса Адлеиба   («Аҟәа») («Сухум»); иреиӷьу аимадаҩ ҳәа иалкаахеит Гера Жьиба («Аҟәа»)(«Сухум»), Аслан Қапба («Киараз»); иреиӷьу ауниверсалтә хәмарҩы (доигровщики) ҳәа иалкаахеит Ольга Мамаева («Гагра»), Ҭемыр Исмаилов («Кьиараз»), ачемпионат аҿы иреиӷьу акәакьеимадаҩы ҳәа иалкаахеит – Алина Лакербаиа («Гагра»), Леуан Араҳамиа («Спартак»), иреиӷьу ахьчара раԥхьатәи ацәаҳәа ахәмарҩы ҳәа иалкаахеит –  Амра Амҷба («Сухум»),  Баҭал Гогиа («Спартак»). 

 

 


Read 247 times - Аҩаша, 13 Лаҵара 2025 11:34
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.