АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Лаҵара.2025

Баграт Шьынқәба ихьӡ зху Афонд аԥсуа бызшәа ацифратә бжьыхаҵара апроект аӡыргара мҩаԥнагеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 12, Баграт Шьынқәба иира Амш аҽны, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы иара ихьӡ зху аԥсуа бызшәа аҿиара Афонд апроект ҿыц – аԥсуа бызшәа ацифратә бжьыхаҵара аӡыргара мҩаԥысит.

Апроект  аԥсуа бызшәа абжьытә технологиақәа, ацҵақәеи аиҭагагақәеи ралагалара иазырхоуп.

Ари апроект аԥсуа бызшәа ацифратә еилазаара ахь аамҭарацәа зҵазкуа аинтеграциа ацҵара иазкуп. Хәы-шықәса инареиҳаны имҩаԥысуаз аҽадцалара зҭахыз аусура иалҵшәаны акыр зҵазкуаз алшҵшәа аарԥшхеит: 2024 шықәсазы аԥсуа бызшәа  Google Translate иалагалахеит.

Апроект ҿыц ахықәкы хада — аплатформа Common Voice ахархәарала  аԥсуа бызшәала ацәажәашьҭыбжь аудиоҭаҩрақәа иаарту абаза аԥҵара.  Уи ҳаԥхьаҟа иалнаршоит анеироҳақәеи еиуеиԥшым абжьытә цхыраагӡақәеи аԥсышәала рацәажәара, насгьы урҭ аԥсышәала аҭак ҟарҵо аҟаҵара.

ААУ афилологиатә факультет адекан Баҭал Ҳагәышь, дарбанызаалак аԥсуа бызшәа аҿиаразы, уи ахархәара арҭбааразы  илшо зегьы ҟаиҵалароуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

«Ҳара ҳбызшәа ҿиаларц ҳҭахызар, ҳара зегьы уи аус адааулароуп», - ҳәа иҳәеит иара.

Б.Шьынқәба ихьӡ зху Афонд анапхгаҩы, жәлар рпоет имоҭа Леуан Миқаа, иахьатәи амш  иара аԥсуа бызшәа, аԥсуа поезиеи алитературеи ирымшны иԥхьаӡоит ҳәа иазгәеиҭеит.  

«Шәара шәхаҭақәагьы ижәдыруеит аԥсуа бызшәа иамоу алшара дуқәа ртәы, аԥсуа литература адунеи алитературақәа рышьҭахь ишгылам. Ицәырҵуеит иҿыцу ацифратә технологиақәа, урҭ рылшарақәа есааира иацҵахоит, ҳаргьы аԥсуа бызшәа аҿиаразы хымԥада урҭ ҳхы иаҳархәалароуп», –  ҳәа иҳәеит иара.

Леуан Миқаа иажәа ицҵо адунеи атәылақәа жәпакы рҿы иԥсабаратәым аинтеллект рхы архәара ишалагахьо азгәеиҭеит.

«Уи иаанаго, ҩба-хԥа шықәса рыҩныҵҟа ҳара ҳаԥсҭазаараҿгьы ицәырҵуеит иԥсабаратәым аинтеллект, уи аиҭакра дуқәа аанагоит. Убри дырны, ҳара ҳбызшәа аларҵәара алҳаршароуп. Иԥсабаратәым аинтеллект аԥсуа текст еилнакаауеит, анаҩстәи ашьаҿа — ҳара зегьы ҳаицхырааны иҟаҳҵаша абжьытә текст алагалара ауп», — ҳәа иҳәеит иара.

Б.Шьынқәба ихьӡ зху агәыҳалалратә Фонд анагӡаратә директор Леуан Лагәлаа  апроект аӡыргара мҩаԥигеит, уи иаҵоу аҵакы ахадара атәы еиҭеиҳәеит.

«Аԥсуа бызшәа аҿиара  агәыҳалалратә Фонд абар шьҭа 6-7 шықәса рыҩныҵҟа абызшәа аҿиара иадҳәалоу еиуеиԥшым апроектқәа рынагӡара иаҿуп. Иахьа ҳара аԥсуа бызшәа ацифратә дунеи алагалара ахымԥадатәра ҳалацәажәоит.

Уи, иуҳәар алшоит уаҟа адгалара мҩаԥысхьеит ҳәа, аха инарҭбааны аларҵәара азы ихымԥадатәиуп ҩ-проект рынагӡара.  Актәи –  ари аплатформа Mozilla Common Voice  ацхыраарала аԥсуа бызшәа ацифратә абжьы ахаҵареи аԥсуа бызшәантәи аурыс бызшәахьы еиԥш, аԥсуа бызшәахьынтә аурыс бызшәахьы аиҭагарақәа инарҭбаау акорпус аԥҵара ауп.  Арҭ аҩ-проект – атексттә еиҭагареи абжьытә еиҭагареи — аамҭа кьаҿ иалагӡаны анагӡара хымԥадатәиуп», - ҳәа иазгәеиҭеит Леуан Лагәлаа.  Уи, зегьы ирыцку – адунеи зегьы аҿы апрограммистцәеи аиқәыршәаҩцәеи иарбоу аматериал ахархәара рылшартә еиԥш иаарту алагамҭатә код ацны апроект адгалара ауп  ҳәа инаҵшьын иазгәеиҭеит. Аҿырԥштәы ҳасабла иара дааигеит ҳара ҳџьынџуаҩ Мирон Бараҭелиа. Уи Telegram аҿы зны-зынла Google Translate иаԥхьагыло чат-бот аԥиҵеит. 

 «Ас еиԥш иҟоу апроектқәа аԥсуа бызшәа ацифратә дунеи аҿы инарҭбааны аларҵәаразы алшара аԥнаҵоит. Уи иаанаго, ахархәаҩцәа аԥсуа бызшәа хазы игоу ҭыԥк аҿы акәымкәа аплатформақәа зегьы рҿы, ChatGPT, уҳәа реиԥш иҟоу асоциалтә ҳақәеи ацҵақәеи рҿы рхы иадырхәо иҟалоит. Уи иабзоураны арҵаҩцәа, арепетиторцәа, иара баша ахархәаҩцәа еиҳа инарҭбаау алшарақәа роуеит.  Ҳаԥхьаҟа ашәҟәқәа, амультфильмқәа, афильмқәа раԥҵара, абжьы рхаҵара, рдублиаж аҟаҵара, аметодикатә материалқәа реиқәыршәара, уҳәа, уаанӡа ҳазқәымгәыӷуаз акыр зҵазкуа алшарақәа рзы аимульс ауиеит. Дарбанызаалак, аԥсуа бызшәа знапы алаку, Аԥсны дынхома, мамзаргьы аҳәаанырцәтәи тәылауаҩума, абызшәа аҵаразы имарианы аҵаразы алшара иоуеит», – ҳәа иазгәеиҭеит Леуан Лагәлаа.

Уи иажәақәа рыла иахьа иарбоу аҩ-проект рынагӡара хацыркуп.

«Иҳаҩсыз ашықәс инаркны аԥсуа бызшәа Google Translat аҿы адгалара мҩаԥысуеит. Аиҭагара ахаҭабзиара, аиашазы макьана иагу-иабзоу ыҟоуп, аха апроект анагӡара актәи аетап ҳахысхьеит.  Аԥсуа бызшәа иара убас аплатформа Mozilla Common Voice аҿгьы адгалара мҩаԥгоуп. 400-ҩык инарзынаԥшуа рыбжьқәа ҭарыҩхьеит, иарбоу аплатформа аҿы иҟоуп аԥсуа бызшәала миллион рҟынӡа аҳәоу.  Ахархәаҩцәа зегьы ирылшоит аекран ахь ицәыргахо аҳәоуқәа абжьы рхаҵара, уи аԥсуа бызшәа аҿиареи уи еиҳа афункционалра (ахықәкра) ашьҭыхреи иацхраауеит. Ари аԥышәа егьырҭ аплатформақәа, анеироҳақәа, иԥсабаратәым аинтеллект, уҳәа рҿы ахархәара алшоит.  Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп, аԥсуа бызшәа аԥеиԥш бзиа шамоу, уи апотенциал абас еиԥш иҟоу атехнологиатә проектқәа цәырҵцыԥхьаӡа еиҳагьы ишаарԥшхало», – ҳәа иҳәеит Леуан Лагәлаа.

Афонд ахаҭарнакцәа астудентцәа рахь ацхырааразы аҳәара ҟарҵеит.

«Ҳара ас еиԥш аӡыргарақәа егьырҭ, аҳәынҭқарратә еиԥш хазхаҭалатәи аусбарҭақәагьы рҿы имҩаԥаагалоит. Ҳара ахыҵхырҭақәа зегьы рҟынтәи ацхыраареи адгылареи ҳҭахуп, агәрагьы ааголит Урыстәыла иҟоу ҳдиаспора аҟынтәи адгылара шҳауо. Ҳара иаҳҭахуп аволонтиорцәа, аиқәыршәаҩцәа, апрограммистцәа, алингвистцәа. Инарҭбааны адгылара хымԥадатәиуп, шықәсык-ҩышықәса рыла аихьӡара дуқәа раиуразы», – ҳәа иажәа хыркәшо иҳәеит Леуан Лагәлаа.

Баҭал Ҳагәышь афилологиатә факультет иахәҭоу ацхыраара шыҟанаҵо азгәеиҭеит.

«Сара агәра ганы сыҟоуп астудентцәа  гәахәарыла ас еиԥш хадара злоу апроект ишацхраауа», — ҳәа иҳәеит иара.

Афилолог Ҭали Џьопуа имҩаԥысыз аӡыргара аҵак ду шаҵоу азгәалҭеит:

«Ҳара зегьы ҳгәы иҵхоит аԥсуа бызшәа аԥеиԥш.  Дарбанызаалак, аԥсуа жәлар дахәҭакны зхы зыԥхьаӡо, анс аума, ас аума ари апроект дацхаароуп», – ҳәа илҳәеит лара.

Аԥсны аҵарадырра аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Ада Кәарҷелиа, иҳараку атехнологиақәа адунеи аиҭакра дуқәа аларгалоит ҳәа иазгәалҭеит.  

«Шәара иахьа шәнапы злаку аус даараӡа акыр аанагоит. Шәара аԥсуа бызшәа аурыс, англыз, уҳәа ахархәара ду змоу егьырҭ абызшәақәа рыҩаӡараҿы ишәыргылеит. Ари аус комплексла азнеира хымԥадатәиуп, уи аусхкқәа зегьы аҿы аус аулароуп», – ҳәа илҳәеит лара.

 

 

 

 

 

 

 


Read 79 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.