АЖӘАБЖЬҚӘА

01.Рашәара.2025

Бадра Гәынба: ахәыҷқәа - ҳара уаҵәтәи ҳԥеиԥш ауп. Урҭ рыҟны ҳара иаҳбоит ҳаԥсадгьыл аизҳазыӷьара, ҳҵасқәеи ҳгәыӷрақәеи зцу аԥсҭазаара, уи зеиӷьыҟам ҳамҭоуп.

Аҟәа. Рашәарамза 1, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Жәларбжьаратәи ахәыҷқәа рыхьчара амш азы адныҳәалара ҟаиҵеит.

 

Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!

Ишәыдысныҳәалоит Жәларбжьаратәи ахәыҷқәа рыхьчара амш. Ари аныҳәа зегь раҧхьа иргыланы иаҳгәаланаршәоит ахәыҷқәа аҧхьаҟатәи реихьӡарақәеи  рҧеиҧши рзы иҳаду  аҭакԥхықәра.

Даара иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп ахәыҷқәа рааӡареи еизҳауа абиԥарақәа рыхьчареи есҽны зхы-зыԥсы адызҵо,  зыԥсҭазаара иасимволны изыԥхьаӡо, иара убас ахәыҷқәа  рыгәцаракра, зҿлымҳарыла рызнеира баҩхатәраны излоу зегьы. Шәара шәхамеигӡара ҳмилаҭ аԥхьаҟатәи рԥеиԥш шьаҭас иамоуп.

 Ахәыҷқәа - ҳара уаҵәтәи ҳԥеиҧш ауп. Урҭ рыҟны ҳара иаҳбоит  ҳаԥсадгьыл аизҳазыӷьара, ҳҵасқәеи ҳгәыӷрақәеи зцу аԥсҭазаара,  уи зеиӷьыҟам  ҳамҭоуп. Ҳара дарбан хәыҷызаалак абзиабареи азҿлымҳареи иманы изҳаларц азы, аҵарадырра ҳаракы иаурц, игәы бзиазарц, илоу ибаҩхатәра аӡыргара илшарц азы аҭагылазаашьа бзиақәа раԥҵаразы иҳалшо зегьы ҟаҳҵалоит.

Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар! Ишәзеиӷьасшьоит аҭынчра, ақәҿиарақәа. Аԥсны атәылауаа қәыԥшцәа, ҿыц агылара иаҿу абиԥарақәа -  агәабзиара, агәамч, шәыгәҭакқәа зегьы рынагӡара. Шәымшқәа зегьы гәырӷьарылеи иҿыцу аартрақәеи рыла иҭәызааит!

 

 

 


Read 167 times - Ашәахьа, 02 Рашәара 2025 23:44
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.