АЖӘАБЖЬҚӘА

01.Рашәара.2025

«Нева иқәыҩуа аҿар рыбжьы» («Молодые голоса на Неве»): Ишԥамҩаԥыси Алиса Гыцба лаԥшьгарала еиҿкаау Жәларбжьаратәи амузыкатә лабораториа алауреатцәа ргала-концерт.

Аҟәа. Рашәарамза 1, 2025 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Лаҵарамза 25 рзы Санкт-Петербург асахьаракыра Академиа аконференц-зал аҿы имҩаԥысит Алиса Гыцба лаԥшьгарала еиҿкаау Жәларбжьаратәи амузыкатә лабораториа алауреатцәа ргала-концерт.  «Нева иқәыҩуа аҿар рыбжьы» («Молодые голоса на Неве») ҳәа ахьыӡ зауз ахәылԥаз аҟазара абзиабаҩцәа зегьы рзы мацара акәымкәа, апрофессионалтә еилазаара аҿы арезонанс цәырнагеит.

Ари апроект аидеиатә аԥшьгаҩыс иҟоу Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артистка, Аԥсны  жәлар рартистка Алиса Гыцба Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо амузыкатә хәылԥазы шымҩаԥысыз атәы еиҭалҳәеит.

Азал азы

Ақәгыларақәа рзы азал ҳара машәыршақәа иалҳамхӡеит. Уамакала иԥшӡоу асахьаркыра Академиа ахыбра XVIII ашәышықәсазы  идыргылеит, уи иаҭаауан усҟантәи аамҭазы петербургтәи абомонд еицырдыруаз ахаҭарнакцәа аӡәырҩы, иаагозар, Алеқсандр Пушкин, Алеқсандр Виаземски. Иуҳәар алшоит ари иуникалу аҵакыра ес-ԥшьыркцатә сантиметр аурыс культура аҭоурых алаҽны иҟоуп ҳәа.

Азал игьежьу аформа амоуп, араҟа иҟоуп уамашәа иԥшӡоу, сахьала иҩычоу аплафон, зеиӷьаҟам акустика амоуп. Азал аҩныҵҟа – заамҭа иақәшәо аҩнымаҭәа ҩнагылоуп, аҭыӡқәа рҿы икнаҳауп Академиа аартра инаркны уи напхгара азҭоз 12-ҩык апрезидентцәа зегьы рпортретқәа.  Абри зегьы иссиру атмосфера аԥнаҵоит, уи ҳагәыланахалеит ҳаргьы, анагӡаҩцәеи ҳахәаԥшцәагьы.

Ақәгылара азы

Аконцерт иҳараку азанааҭтә ҩаӡараҿы имҩаԥысит. Уи аинтернацианалрала  иалкаахеит. Валери Макаров Москва ахьӡала дықәгылон, Ана Кучериавыи - Молдовеи Санкт-Петербурги рыхьӡала, Гульнара Валеева - Башкортосҭан, Андреи Логвинов - Белоруссиа. Ахәаԥшцәа рылаԥш иақәшәеит иара убас Ҭаҭарсҭанынтәи иааз апианинорҳәаҩы Саид Хусаинови аскрипкарҳәаҩы Иаков Асташини рдует.  Урҭ реицықәгылара иаанарԥшит ирыбжьоу ансамбль азы ихымԥадатәиу аилибакаареи авиртуозреи. Ароиал аҿы акомпонимент налыгӡон Елизавета Поздниакова, аконцерт мҩаԥигеит Александр Руснак.

Даара гәахәара духеит адгылара ҳаҭаразы иахьааз Санкт-Петербургтәи аԥсуа аидгьылтәра ахаҭарнакцәа.

Ҳара ҳмузыкатә лабораториа алауреатцәа рықәгылара ахәшьара ҳарак аиҭеит Царскосельсктәи агимназиа аректор Иури Сидоров. Уи инагӡахараны иҟоу амузыкатә проект азы агимназиа аҿы аҟазара-аклассқәа рымҩаԥгаразы ааԥхьара ҳаиҭеит. Аконцерт аинтерес ду лызцәырнагеит Санкт-Петербургтәи атеатралтә ҟазара  академиа адоцент, аҟазарадырра акандидат Мариа Александровскаиа, уи актиортә ҟазара иазку лмонографиа Урыстәылеи Франциеи атеатралтә ҵараиурҭақәа рыстудентцәа рзы ихымԥадатәиу дисциплинаны иҟоуп. Апрофессионалтә еилазаараҿы ари аҩыза арезонанс ҳара даараӡа ҳаргәырӷьоит.  

Ҳара идуӡӡаны иҭабуп ҳәа раҳҳәоит ари ахәылԥаз иаҭааз зегьы. Апроект Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иҟны иҟоу акультуратә аԥшьгарақәа Рфонди Аԥсны Аҳәынҭқарра Анапхгареи рыцхыраарала инагӡахеит.

Иҳәаадоу адиалог иацҵахоит…

 

 

 

 


Read 149 times - Аҩаша, 03 Рашәара 2025 17:48
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.