Ашьаус аматериалқәа инарықәыршәаны, ахара зду Лука Хупениа, Николаи Речиа, Георги Гьергьедаа Гагра ақалақь, Аҩӡба имҩала 1953 шықәса рзы ииз аԥҳәыс илцәырӷьычит 117 нызқь мааҭ иркуаз ахьы иалхыз ахәдахаҵа. Иара убас Саиаҭ-иԥа имҩала дара 1993 шықәсазы ииз аԥҳәызба лыхәда иахырхит 63 нызқь мааҭ зыхә ыҟоу ахьтәы ахәдахаҵа. Аӷьычра ашьҭахь дара аҭыԥ аҟынтәи рыҽӡаны ицеит.
Ацәгьоуцәа ирӷьычыз асасааирҭа ауада абарҵаҿы аилаҳәара илаҳәаны ирҵәахит. Арҭ ахҩык аамҭала иахьынхоз ауада агәаҭараан Лука Хупениа асасааирҭа аномер абарҵа аҿы имаӡоу аҭыԥ аирбеит. Аиакәым иақәшәаз ауаа ирцәырӷьычыз амаҭәақәа рдырит, урҭ рмазара рзырхынҳәын.
Заанаҵтәи аусеилыргара мҩаԥысуанаҵы ахара зду ахҩыкгьы ырбаандаҩуп.