АЖӘАБЖЬҚӘА

01.Рашәара.2025

Мактина Џьынџьалԥҳа: «Дарбанызаалак ахәыҷы – ари гәыӷрала, гәазыҳәарала, иссиру аартрақәа рыла игәылҭәаау, акы еиԥшым адунеи ауп».

Аҟәа. Рашәарамза 1, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Мактина Џьынџьалԥҳа  Аԥсны ахәыҷқәа Жәларбжьаратәи ахәыҷқәа рыхьчара Амш рыдылныҳәалеит.

«Иахьа, рашәарамза 1 азы ҳара иазгәаҳҭоит акыр зҵазкуа илашоу аныҳәақәа иреиуоу – Жәларбжьаратәи ахәыҷқәа рыхьчара Амш!

Ари аныҳәа ҳтәыла ԥхьаҟатәи аԥеиԥш знапы иану, изызку ҳхәыҷқәа рыхьчареи ацхыраара рыҭареи иазкуп. Ахәыҷқәа рыччаԥшь, рҵарадырра, реихьӡарақәа – абри ауп ҳаԥсҭазаара ҵакыс иамоу, убри ауп уи гәылҭәааны иҟазҵо. Ари амш ҳара, аиҳабацәа ҩаԥхьа иаҳгәаланаршәоит ихадоу ҳҭакԥхықәра    – дарбанызаалак ахәыҷы насыԥла иҭәу ишәарҭадоу ахәыҷреи ибзиоу аҵарадырреи амедицинатә цхыраареи ганрацәала аҿиареи рзы иманшәалоу аҭагылазаашьа иманы аҟаҵара.

Дарбанызаалак ахәыҷы – ари гәыӷрала, гәазыҳәарала, иссиру аартрақәа рыла игәылҭәаау акы еиԥшым адунеи ауп», – ҳәа иазгәаҭоуп адныҳәалара атекст аҿы.

Мактина Џьынџьалԥҳа Аԥснытәи ахәыҷқәа зегьы  ирзеиӷьалшьеит агәабзиара, ргәахәтәқәа рынагӡара, аҩызцәа иашақәеи иҳәаадоу алшарақәеи хьаҳәхьачара зцым аидеиақәеи.

«Аиҳабацәа зегьы рахь схы рханы ааԥхьара ҟасҵоит Аԥсны ахәыҷқәа реизҳазыӷьара азы ирылшо зегьы ҟарҵарц. Шәааи, ҳхәыҷқәа ргәы бзианы иахьрызҳаша, иахьыҿиаша, анаҩс Ҳаԥсадгьыл азы ихәарҭаны иҟалартә еиԥш хра злоу адыррақәа ахьроуша аҭагылазаашьақәа аԥаҳҵап», – ҳәа иаҳәоит адныҳәалара аҿы.  

Ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу ахәыҷқәа зегьы агәабзиара, анасыԥ, аҵараҿы аихьӡарақәа, рыгәҭакқәеи ргәазыҳәарақәеи рынагӡара рзеиӷьалшьеит. «Шгәазыҳәарақәа зегьы нагӡахааит, шәыԥсҭазаара хра злоу ахҭысқәа, аемоциақәа, ишәзааигәоу ауаа ргәыбылреи  рыԥхарреи рыбзиабареи  рыла игәылҭәахааит! Шәадныҳәалаз Жәларбжьаратәи ахәыҷқәа рыхьчара Амш!», - ҳәа иазгәаҭоуп адныҳәалара аҿы.  

 


Read 146 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.