АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Рашәара.2025

Аԥсны Шьамтәыла аизыҟазаашьақәа рырҿиара азы аусура арӷәӷәара иазыхиоуп.

Аҟәа. Рашәарамза 6, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  «Аԥсны Шьамтәылатәи Арабтә Республика аимадара амырӡкәа иаауеит, уимоу, адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рырҿиара азы еиҳагьы аусура арӷәӷәара иазыхиоуп», - ҳәа аминистрс даныҟарҵа ашьҭахь урыстәылатәи амассатә информациа ахархәагақәа раԥхьатәи иҽцәажәара аҿы Урыстәылатәи Аинформациатә Маҵзура ТАСС акорреспондент даниҿцәажәоз, иҳәеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ҿыц Олег Барцыц.

«Аԥсны Шьамтәылатәи Арабтә Республика аҿы аҵыхәтәантәи аамҭазы имҩаԥысуаз аполитикатәии аҳәынҭқарратәии еиҭакрақәа иадҳәаламкәа ари атәыла аимадара мырӡкәа иаауеит, уи моу, адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рырҿиара азы еиҳагьы аусура арӷәӷәара иазыхиоуп.  Аԥсны адунеи азы иаартны аҟалара иазырхоуп, ҳсуверенитет, ҳҭоурых, ҳхаҭашьара ҳаҭырқәҵарыла иазнеиуа зегьы рзы иаартуп», - ҳәа иазгәеиҭеит Олег Барцыц.

 

 


Read 78 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.