АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Рашәара.2025

Аԥсны аинтересқәа азырхоуп ишалшо ала ирацәаны егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рыла асуверенитет азхаҵара.

Аҟәа. Рашәарамза 6, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аинтересқәа азырхоуп ишалшо ала ирацәаны егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рыла асуверенитет азхаҵара. Аԥсны иара убас уи ахьыԥшымра азхазҵахьоу аҳәынҭқаррақәа рпартниортәи рдипломатиатәи аизыҟазаашьақәа еиҷаҳарала иазнеиуеит. Абри азы ТАСС аинтервиу аҭо адырра ҟаиҵеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Бырцыц.

«Ҵыбыргуп, Аԥсны – ари ахәҭакахьала иазхаҵоу ҳәынҭқарроуп, ҳара ҳинтересқәа азырхоуп ишалшо ала ирацәаны егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рыла Аԥсны асуверенитет азхаҵара алыршара.  Ҳара Аԥсны аҳәынҭқарратә асуверенитет азхаҵара азы аҭакԥхықәра зхахьы изгаз атәылақәа реиҩызареи рпартниорреи рдипломатиатә еимадареи даара ҳаҭыр ҳзақәуп, еиҷаҳарыла ҳазныҟәоит, интенсивла аимадара ҳабжьоуп», - ҳәа иҳәеит Олег Барцыц.

Иара Никарагуа, Венесуела, уҳәа егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи Аԥсни ирыбжьоу адипломатиатә еизыҟазаашьақәа интенсивла рыҿиара ҿырԥштәыс иааигеит. Убас, аамҭа кьаҿ иалагӡаны абизнес-миссиа Аԥснынтәи Никарагуаҟа ицараны иҟоуп. Аҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны  еиуеиԥшым аусхкқәа рыла аҳәынҭқаррабжьаратәи аизыҟазаашьақәа рышьақәгылареи аоперациатәи аинтеграциатәи аимадарақәа рырӷәӷәареи иадҳәалоу азҵаарақәа рылацәажәара  азԥхьагәаҭоуп.


Read 273 times - Ашәахьа, 09 Рашәара 2025 13:50
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.