АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Рашәара.2025

Аҟәа Алеқсандр Пушкин иира Амш азгәарҭеит.

Аҟәа. Рашәарамза 6, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамза 6 рзы  Алеқсандр Сергеи-иԥа Пушкин (06.06.1799 – 10.02.1837 шш.) диижьҭеи  226 шықәса ҵит.

Абар шьҭа акыр шықәса раахыс традициала ишышьақәгылахьоу еиԥш, аурыс поет дуӡӡа иира Амш аҽны Пушкин имҩала игылоу апоет ибаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ауцеремониа мҩаԥысит.

Апоет ҳаҭырла дыргәаладыршәарц арахь иааит аҵара аминистр ихаҭыԥуаҩ Ада Кәарҷелиа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацуразы аофициалтә Хаҭарнакра анапхгаҩы Владислав Куликов, ашәҟәыҩҩцәа, аполитикатәи ауаажәларратәи аусзуҩцәа, ашколхәыҷқәа, астудентцәа.

Агәалашәаратә усмҩаԥгатә иацҵахеит Аҟәатәи аботаникатә баҳча аҿы, 350 шықәса зхыҵуа аҭәаҵла ду аҵаҟа.

Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацуразы аофициалтә Хаҭарнакра анапхгаҩы Владислав Куликов еизаз зегьы дрыдныҳәало, Алеқсандр Сергеи-иԥа Пушкин ирҿиамҭақәа иахьа уажәраанӡа зықьҩыла ауаа агәазҭазаара рынаҭоит ҳәа иазгәеиҭеит.

Ареспублика Аԥсны Урыстәылатәи Афедерациа аусқәа рзы аамҭала азинмчы змоу Евгени Иаковлев аурыс бызшәа Амш инамаданы Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров иҟынтәи адныҳәаларатә цҳамҭа даԥхьеит:

«Аурыс бызшәа Амшныҳәа абызшәарацәареи акультуратә хкырацәареи аҳәаақәа ирҭагӡаны, Еиду Амилаҭқәа Реидгыла арыцхәқәа рзы жәларбжьаратәи амзар иалагалоуп. Ҳәарада, Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амшныҳәа аназгәарҭо ашықәс азы ҳара ҳаҭырқәҵарала иаҳгәалаҳаршәоит адунеи анацизм аҟынтәи ахы иақәиҭызтәыз, ахәҭакахьала ҳхатәы бызшәа аурыс бызшәала ацәажәаразы азин ҳзеиқәзырхаз  Ар Ҟаԥшь аруаа».

Р.Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа асолистка Нана Черқьезиа Алеқсандр Пушкин иажәақәа рыла иаԥҵаз аромансқәа налыгӡеит. Ашәаҳәаҩ аинструмент аҿы илыцлырҳәон Асҭанда Џьыкырба.

Абжьаратәи ашкол №15 аҵаҩцәа ахәаԥшцәа иддырбеит А.Пушкин иповест «Асыҭҳәа» («Метель») аҟынтәи ақәгыларақәа, иара убас ажәеинраала «Аԥааимбар» («Пророк») иаԥхьеит.

Уааҵәҟьа адәаҿы асахьаҭыхыҩ Марина Ханкова аурыс азбука, ахәҭакахьала алакәқәа рҟынтәи аиллиустрациақәа ацны ф-нбанк –  П, У, Ш, К, И, Н ирызку асахьақәа цәыргақәҵахеит.

 

 


Read 177 times - Ашәахьа, 09 Рашәара 2025 20:52
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.