Агәабзиарахьчара аминистр Урыстәылеи Аԥсни агәабзиарахьчара Аминистррақәа ирыбҽжьарҵаз аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны амедусҳәарқәа рахь урыстәылантәи аҳақьымцәа раашьҭразы азҵаара иалацәажәеит ҳәа адырра ҟаиҵеит.
«Ас еиԥш аԥышәа сынтәадагьы иҳаман: урыстәылатәи ҳколлегацәа акурорттә аамҭахәҭа асакьаҳәымҭаз акырӡа иҳацхраауеит. Урҭ раара аамҭа кьаҿ иалагӡаны иалыршахоит», – ҳәа иазгәеиҭеит Едуард Быҭәба.
Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Ҳаџьараҭ Шамба иазгәеиҭеит ахәшәтәырҭаҿы иҟоу атомограф аусура шышьақәдыргылаз. Аԥсны Ахада Бадра Гәынба иҟаиҵаз анапынҵала аус анагӡаразы аԥара азоужьуп, аспециалистцәа раара иазыԥшуп.
«Атомограф ари аҩыза идуу араион азы ихымԥадатәиуп, ирацәаҩны ауаа ас еиԥш аҭҵаарақәа рҭахны иҟоуп. Ари амедицинатә аиқәыршәага аиҭашьақәыргылара алыршара Аҳәынҭқарра Ахада хаҭала ахылаԥшра аиҭоит», -ҳәа иазгәеиҭеит Елуард Быҭәба.
Агәабзиарахьчара аминистр иара убас Афон Ҿыци Пицундеи рхәышәтәырҭақәа дырҭааны игәеиҭеит. Арҭ амедусбарҭақәа рнапхгаҩцәа аминистр изеиҭарҳәеит русушьа аиҿкаашьеи иҟоу ауадаҩрақәеи ртәы.