АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Рашәара.2025

Михаил Галузин Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа дырԥылеит.

Аҟәа. Рашәарамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рхықәкы хаданы иҟоуп – Қырҭтәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рганахьала амч ахархәара мап ацәкразы аҩ-ганк еидызкыло аиқәшаҳаҭра аԥҵареи анапаҵаҩреи, иара убас Аԥсни Қырҭтәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәааи Қырҭтәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәааи рделимитациа апроцесс ахацыркреи, анаҩс урҭ рдеморкациеи  рыла  Ареспублика Аԥсни Ареспублика Аахыҵ Уаԥстәылеи иҭышәынтәалоу ршәарҭадара алыршара.  

Абри атәы аҳәоит Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузини Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхынтәаҩцәа – Аахыҵ Кавказ Европатәи атәылақәа Реидгыла аҟынтәи ахаҭарнак ҷыда  Магдалена  Гронои (Чехиа), Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара ахаҭарнак Џьихан Султаноглуи (Ҭырқәтәыла), Аахыҵ Кавказ Европатәи атәылақәа Реидгыла ашәарҭадара Аиҿкаара ахаҭарнак ҷыда Криштоф  Шпети (Швеицариа) реиԥылара алҵшәақәа рзы иҟанаҵаз адырраҭара аҿы.

Аиԥылара рашәарамза анҵәамҭазы зымҩаԥгара азԥхьагәаҭоу аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу арауд аҽазыҟаҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит.


Read 244 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.