Аганқәа акурорттә аамҭахәҭа азы Аԥсны аепидемиологиатә шәарҭадара азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит, иара убас 2025 шықәсазы аусеицура заанаҵтәи аплан азԥхьагәарҭеит.
Аиԥылара иара убас лхы алалырхәит Аԥсны Ареспубликатә асанитартә епидемиологиатә Станциа аҳақьым хада Алла Белиаева.
Аконференциа аҿы ирыхәаԥшуеит аҿыкчымазарақәа рҿагыларазы аусеицура аспект хадақәа, иара убас аглобалтә абиошәарҭадара ашьақәыргыларазы аеффективра злоу астратегиақәа раԥҵареи рыларҵәареи азҵаара.
Аконференциа алахәылацәа алаҵапрофилактикеи аҿыкчымазарақәа рдиагностикеи иҿыцу апатогенқәа рылаҵәара аԥхьырҟәҟәаара азы ауснагӡатәқәеи, уҳәа рганахьала иҟоу аихьӡарақәеи азԥхьагәаҭарақәеи ирылацәажәоит.