Ататами ахь ицәырҵуеит еиуеиԥшым ақәратә категориақәа ирыҵанакуа, 10-11, 12-13, 14-15, 16-17, 18-40 шықәса зхыҵуа аспортсменцәа. Иара убас атурнир аҳәаақәа ирҭагӡаны ахәаԥшцәа ирзыԥшуп 6-7, 8-9 шықәса зхыҵуа аҷкәынцәеи аӡӷабцәеи рыбжьара аинтерес зҵоу аматчтә еиԥыларақәа.
Атурнир аартра иазку аныҳәатә церемониа амҩаԥгара азԥхьагәаҭоуп рашәарамза 12, асааҭ 19:00 рзы. Амш агәахьы ианнеилак Ахраҿа агаразы аибарххара зцу аиндаҭларақәа раламҭалазы ирылагоит заанаҵтәи аиндаҭларақәа.