Иреиӷьу актиор ҳәа далкаахеит арежиссиор Наур Гармелиа ифильм «Аҵыхәтәантәи ахәԥса» («Последняя цена») аҿы ихәмаруаз Рауль Ақаҩба.
Иреиӷьу актриса ҳәа далкаахеит арежиссиорцәа Сесилиа Атани Валериа Пиватои (Аргентина Испаниа) рфильм «Ақәыԥшылара» («Поверхность») аҿы ихәмаруаз актриса Марисель Альварес. Ари акиносахьа иара убас иреиӷьу арежессура азы априз аиуит.
Иреиӷьу афильм ҳәа иалкаахеит арежиссиор Горан Радованович (Сербиа-Болгариа) икиносахьа «Абна аҳәынҭқар» («Лесной царь»).