АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Рашәара.2025

Аконкурс “Аԥсны акоманда” афиналист Инал Аргәын ақыҭанхамҩа аминистр ицхырааҩыс дҟаҵоуп.

Аҟәа. Рашәарамза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Аконкурс “Аԥсны акоманда” афиналист Инал Аргәын ақыҭанхамҩа аминистр ицхырааҩыс дҟаҵоуп.

Инал Аргәын 2015 шықәса рзы қәҿиарала иҵара хиркәшеит Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә социалтә Университет аҿы «аменеџьер» изанааҭ ала. Изанааҭтә усура аамҭа иалагӡаны иара  Урыстәылатәи Афедерациа ақыҭанхамҩатә наплакқәа рҿы аԥышәа ду ирҳаит, уи иабзоураны идгалахо аҳәынҭқарратә маҵзура аҿы иҿыцу ахыдҵақәа еффективла рынагӡара илшоит.

Иара убас, Инал Аргәын ЗҲәА "Новое дело" аԥҵаҩыси адиректор ихаҭыԥуаҩыси дыҟоуп.

Иара идыррақәеи иԥышәеи ареспублика ақыҭанхамҩа аҿиаразы хра аланы иҟалоит ҳәа ирыԥхьаӡоит атәыла ақыҭанхамҩа Аминистрра аҿы.

 

 


Read 209 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.