АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Рашәара.2025

Москва апавилион “Аԥсны” ареставрациа ахыркәшареи ахархәарахь аҭареи иалацәажәеит.

Аҟәа. Рашәарамза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Москва ақалақь, Жәлар Рынхамҩа Аихьӡарақәа Рцәыргақәҵа (ВДНХ) иҟоу апавилион «Аԥсны» аҿы Ареспублика Аԥсны Амилаҭтә цәыргақәҵатә Центр аҿы ареставрациатә усурақәа рхыркәшареи ахархәарахь аҭареи азҵаара азы аусуратә еиԥылара мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра а-Телеграм-канал.

Урыстәылатәи аган аҟынтәи аиԥылара иалахәын Жәлар Рынхамҩа Аихьӡарақәа Рцәыргақәҵа (ВДНХ) адиректор Хада Сергеи Шогуров,  адиректор Хада ихаҭыԥуаҩцәа Елена Жук Алеқсандр Тарасов, афинанстә директор Алеқсеи Русиаеви  Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара атәылақәа аус рыцуреи адәныҟатәи аимадарақәеи рзы Аусбарҭа аиҳабы Ирина Иаремко; аԥсуа ган аҟынтәи – Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Бырцыц, Урыстәылатәи Афедерациаҿы иҟоу Аԥсны ахәаахәҭратә хаҭарнак Орҳан Шамба, Аԥсны Аҳәынҭқарра Москватәи Акультура-усуратә Центр анагӡаратә директор Олег Лакобеи атехникатә хылаԥшра агәыԥ анапхгаҩы Сергеи Баженови.  

Аганқәа ирылацәажәеит ареставрациатә усурақәа рхыркәшара иадҳәалоу атехникатәии азинттәи азҵаарақәа, иара убас ирзааҭгылеит ахархәаратә ҭакԥхықәра аԥсуа ган ахь аиагара азы аԥхьанатә инагӡатәу аусмҩаԥгатәқәа.

Аиԥылара иалахәыз зыҩаӡара ҳараку аусеицура, иара убас Москва Анапхгара аганахьала иприцендентдоу адгылара иалацәажәеит.  

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Москва Анапхгареи хаҭала Жәлар Рынхамҩа Аихьӡарақәа Рцәыргақәҵа (ВДНХ) адиректор Хада рганахьала иҟоу хра злоу аусеицуреи адгылареи рзы иҭабуп ҳәа иҳәеит. Уи атәыла ихадоу аконгресс-цәыргақәҵатә плошьадканы иҟоу Жәлар Рынхамҩа Аихьӡарақәа Рцәыргақәҵеи (ВДНХ)  Аԥсни шықәсырацәа ирылагӡаны  ирыбжьоу аусеицура хра злоу аԥеиԥш шаиуо азы  агәра ганы дшыҟоу азгәеиҭеит.

Ахәҭакахьала, Сергеи Шогуров Аԥсны Москватәи Акультура-усуратә Центр имҩаԥнаго аусмҩаԥгатәқәа рыҩаӡара шыҳараку азгәаҭо Урыстәылатәи Афедерациа арегионқәеи Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара атәылақәеи  реиԥшҵәҟьа  амилаҭтә павилион «Аԥсны» аҟазаара иаҵоу аҵакы ахадара инаҵшьны иазгәеиҭеит.


Read 296 times - Аҩаша, 10 Рашәара 2025 17:59
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.