Аҳәынҭқарра Ахада иара убас Аҟәа араион ахада Алхас Ҷыҭанааи Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Фазлыбеи Аҩӡбеи алархәны аусуратә еиԥылара мҩаԥигеит. Араҟа иалацәажәеит ашкол аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгара шаҭаху. Иара убас ашкол аҵакыра арахә ҭамларц азы ахкаара шаҭаху азгәаҭан.
Адепутат Фазлыбеи Аҩӡба ашкол аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгаразы 10 млн. мааҭ азоужьразы Апарламент ахь аҳәара ҟаиҵарц игәы ишҭоу иҳәеит. Убри аан, иарбоу аԥаратә хархәагақәа реицҵалыҵ шазымхогьы азгәаҭан, убри аҟнытә иара Аҳәынҭқарра Ахада иназыцҵоу ацхырааразы диҳәеит.
Иара убас ашкол ахь инагоу амҩа ахәҭа шырҭбаатәугьы азгәарҭеит.
Ешыратәи абжьаратәи ашкол сынтәа шәы-шықәса ахыҵра азгәарҭараны иҟоуп.
Аҳәынҭқарра Ахада дзыҿцәажәоз агәра диргеит атәыла Анапхгара аганахьала ашкол аиҭашьақәыргылареи аиубилеитә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгареи рзы иахәҭоу зегьы шыҟаҵахо.