АЖӘАБЖЬҚӘА

11.Рашәара.2025

Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа аҿы Владислав Арӡынба игәалашәара аҳаҭыраз аҵарауаа инарҭбаау аилатәара мҩаԥыргеит.

Аҟәа. Рашәарамза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/.  Ахаша, рашәарамза 11 рзы имҩаԥысит Владислав Арӡынба диижьҭеи 80-шықәса аҵра иазкыз инарҭбаау аилатәара. Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит зеиҳараҩык хаҭала Аԥсны Раԥхьатәи Ахада дырдыруаз аҵарауаа. Аҵарауаа атәыла Раԥхьатәи Ахада иԥсҭазаареи иусуреи еиуеиԥшым аганқәа ирызку ажәахәқәа ҟарҵеит. Ажәахәқәа ирныԥшит Владлислав Арӡынба иҳәынҭқарратә усура адагьы инаукатә ԥсҭазаарагьы, мрагылараҭҵаара, кавказдырра, нарҭҭҵаара.

Аилатәара ҳаҭыр зқәу асас иаҳасабала даҭааит Аҳәынҭқарра Раԥхьатәи Ахада иԥшәмаԥҳәыс Светлана Џьергьениа. Уи Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа апрезидент Зураб Џьапуа ҳамҭас илиҭеит иара авторс дызмоу аа-томк иҟоу «Нарҭаа репос». Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит, Владислав Арӡынба афырхаҵаратә епос аҭҵаара аҵак ду шаиҭоз, насгьы уи аус акыр дшацхыраауаз.

Аилатәара иара убас иаҭааит Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешбеи аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанбеи.

Аилатәара аартуа, Зураб Џьапуа Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы аиааира агара еиԥш, анаука аҿиара, еиҳа ихадоу ахырхарҭақәа рыла акадрқәа разыҟаҵара аҿы илагала дуӡӡа шыҟаз инаҵшьны иазгәеиҭеит.

Аҭоурыхтә наукақәа рдоктор, апрофессор Аслан Аҩӡба иажәахә аҿы Владислав Арӡынба ҳаамҭазтәи аҳәынҭқарра ашьақәгылараҿы ихадоу, ашьаҭаркратә роль наигӡеит ҳәа иазгәеиҭеит. Иара ихьыԥшым Аԥсны ашьаҭаркҩы ҳәа изуҳәар алшоит.

Аҭоурыхдырҩы иажәақәа рыла, Владислав Арӡынба илагала иаарԥшхеит аполитикатә ԥхьагылареи асуверенитет азықәԥареи рҿы.

«1990 шықәсазы иара Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩыс далырхит. Уи аиҭасратә аамҭа акәхеит, избан акәзар, иара инапхгарала Аԥсны жәлар рмилаҭтә хақәиҭреи ихьыԥшым аҳәынҭқарра аԥҵареи рахь амҩа ианылеит».

Аслан Аҩӡба иазгәеиҭеит, 1992 шықәсазы, аԥсуа-қырҭуатә еибашьра ианалага, Владислав Арӡынба атәылахьчаразы Аҳәынҭқарратә Комитет дшахагылаз, ареспублика Арбџьармчқәа рыдҵаҟаҵаҩ Хаданы дшыҟалаз:

«Иара иԥызаратә ҟазшьақәа, ажәлар реидкылареи аӷа иҿагыларазы реизгареи рзы илшара ари аибашьраҿы акырӡа аҵак ду аман. Уи инапхгарала абҵарамза 26, 1994 шықәса рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет ареспублика ахьыԥшымра рыланаҳәеит иҿыцу Аконституциа рыдыркылеит, иара убри ала апрезиденттә республика ашьаҭа адыркит».  

Аҭоурыхдырҩы инаҵшьны иазгәеиҭеит атәыла Раԥхьатәи Ахада аҳәынҭқарратә институтқәа раԥҵара аҿы инаигӡаз ароль ду

Аслан Аҩӡба иажәа иацҵо, Аԥсны Раԥхьатәи Ахада даараӡа иуадаҩыз аҭагылазаашьақәа раан жәларбжьаратәи арена аҿы активла Аԥсны аинтересқәа ихьчон ҳәа иазгәеиҭеит:

«Инарҭбаау жәларбжьаратәи азхаҵара шыҟамызгьы, иара хьаҳәхьачарада Аԥсны ихьыԥшым аҳәынҭқарра аҳасабала аҟазаара азин дазықәԥон».

Иажәахә хыркәшо аҵарауаҩ аԥсуаа аӡәырҩы рзы Владислав Арӡынба ихьӡ Аԥсны ахақәиҭра, ахьыԥшымра, асуверенитет иасинонимны иҟалеит ҳәа иазгәеиҭеит:

«Иара аполитик инаҩс аԥсуа милаҭ шьақәзыргыло адоуҳатә ԥызаны дыҟан».

Афилологиатә наукақәа рдоктор, апрофессор Виачеслав Чыркба иқәгылараҿы ареспублика Раԥхьатәи Ахада инаукатә усура атәы далацәажәеит, убри аан уи инаҵшьны иазгәеиҭеит Владислав Арӡынба аҭоурыхтә хыҵхырҭақәа инарҵауланы аус рыдулара зылшоз,   адунеи аҿы зыхьӡ нагаз, аӡәырҩы еицырдыруаз ахеттолог ду, аҵарауаҩ-мрагылараҭҵааҩны дшыҟаз:  

«1971 шықәсазы иара атема «Ажәытә хеттатә еилазаара рсоциалтә еиҿкаара ахаттәи ахыҵхырҭақәа. Хаттәи ахылҵышьҭра змоу атитулқәа змоу амаҵурауаа рфункциақәа» («Хаттские истоки социальной организации древнехеттского общества. Функции должностных лиц с титулами хаттского происхождения») ала  қәҿиарала акандидаттә диссертациа ихьчеит.

Ари аусумҭа усҟангьы иаанарԥшит иара ахеттологиеи ахатталогиеи рганахьала  илаз иҵаулоу адыррақәеи зеиӷьаҟам аналитикатә лшарақәеи».

1982 шықәсазы иҭыҵит Владислав Арӡынба ифундаменталтә монографиа  «Ажәытә Анатолиа амифқәеи ақьабзқәеи» («Ритуалы и мифы древней Анатолии»):

«Ари ахеттологиа аганахьала еиҳа зҵазкуа иусумҭақәа иреиуоуп. Ари ашәҟәы аҿы иара иҭиҵаауан Ажәытә Анатолиа ажәларқәа рмифқәеи рҵасқәеи рқьабзқәеи, урҭи хеттааи хаттаи ркосмологиатәи, рдинхаҵаратәи рсоциалтәи дунеихәаԥшышьақәеи ирыбжьоу   иҵаулоу аимадара. 1985 шықәсазы иарбоу амонографиа адоктортә диссертациа аҳасабала ихьчахеит».

Виачеслав Чыркба игәаанагарала, ари аҭҵаара аҵарауаа аӡәырҩы рзы имҩақәҵаганы, ицхыраагӡа дуны  иҟалеит, иарбоу ахырхарҭа аҿы афундаменталтә усумҭаны иазхаҵан.

Иажәа иацҵо иара Владислав Арӡынба инаукатә интересқәа рганахьала ихадоу атема ажәытә анатолиатәи ажәларқәеи кавказтәи аетносқәеи, ахәҭакахьала аԥсуа-дыгатә етноси рыбжьара агенетикатә еимадара раарԥшра иадҳәалан ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит: «Иара иԥшаауан абызшәақәа, амифологиақәеи аритуалқәеи рҿы аиԥшзаарақәа, уи иара алшара инаҭон ажәытә миграциақәеи акультуратә еимадарақәеи рзы ановатортә лкаақәа рыҟаҵара».

Аҵарауаҩ иажәақәа рыла, Владислав Арӡынба ахеттаа рыла иҭшәоу специалист мацараны дыҟаӡамызт:

«Уи алингвистика, адинхаҵарақәа рҭоурых, амифологиа, уҳәа аганахьала инарҭбаау адыррақәа иман, убри иабзоураны иара илшон амаҭәарбжьаратәи аҭҵаарақәа рымҩаԥгареи  ахеттологиа ажәытә цивилизациақәа еиҳа инарҭбаау аконтекст алагалареи».

Анаукақәа Ракадемиа апрезидент, афилологиатә наукақәа рдоктор, апрофессор Зураб Џьопуа Владислав Арӡынба нарҭаа репос аҭҵаара, аиҳарак кавказдырреи нарҭҵаареи рҿы акыр зҵазкуаз илагала азгәеиҭеит. Иарбоу атемала уи акыр зҵазкуа иҭҵаарақәа рхыԥхьаӡараҿы Зураб Џьапуа иаликааит «Ацаҟьа иалху афырхаҵа ииара азы нарҭтәи асиужет» («Нартский сюжет о рождении героя из камня»), иара убас «Нарҭаа ирызку аԥсуа ҳәамҭақәа рҿы «ахьча» ихаҿсахьа азгәаҭарақәа» («Приметы образа «пастуха» абхазских нартских сказаний»):

«Актәи аусумҭа аҿы В.Арӡынба нарҭаа рфырхацәа рира, ахәҭакахьала ацаҟьа иалиааз Нарҭ Сасрыҟәа. Иара еиҿирԥшуеит хуррито-хаттәии аԥсуа-дыгатәи амифоепикатә традициақәа, убри ала иарбоу ажәларқәа хылҵышьҭрала (генетикала) реизааигәара шьақәирӷәӷәоит. Аҩбатәи аусумҭа аҿы иара нарҭаа ирызку -  аԥсуаа рҳәамҭақәа рҿы ахьча ихаҿсахьа егьырҭ акультурақәа рҿы аиԥш-зеиԥшу асиужетқәа ирҿырԥшны  анализ азиуеит».

Зураб Џьапуа иажәа иацҵо, Владислав Арӡынба иара убас нарттәи атекстқәа рсемантикатә ҵаулара аҭҵаара инапы алакын ҳәа иазгәеиҭеит:

«Арҭ аусумҭақәа аԥсуа рнарҭтә епос аҩныҵҟатәи аҵакы аритуал-мифологиатә реконструкциа раԥхьатәи ԥышәаны уахәаԥшыр алшоит. Иара аҳәамҭақәа ирымоу иҵаулоу аҵаки асимволреи ааирԥшуан».

Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа апрезидент игәаанагарала, В.Арӡынба имаз иналукааша анаукатә алаԥшнаӡареи аерудициеи ирыбзоураны нарҭтәи аепос аҭҵаара анатолиатә мифологиеи алингвистикеи реиԥш иҟоу еиҳа инарҭаау атемақәа рыдҳәалара илиршон:

«Убас ала, Владислав Григори-иԥа иарбоу анаукатә хырхарҭа аҿы инаукатә ҭынха Кавказ ажәытә мифқәеи аҳәамҭақәеи рыҭҵаара мҽхакы ҭбаала, иҵауланы, ановатортә знеишьеа рыла  иалкаахоит».

«Аԥсуа шәҟәыҩҩцәа Владислав Арӡынба изкны» («Абхазские писатели о Владиславе Ардзинба»» атемала ажәахә ҟаҵо дықәгылеит афилологиатә наукақәа рдоктор, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа академик Валентин Кәаӷәаниа. Уи еизаз ирзеиҭеиҳәеит, итемала аинтерес зҵоу фактқәак ртәы.

Афилологиатә наукақәа ркандидат Саида Хаџьым Раԥхьатәи Ахада аруаа ргәалашәараҿы дшаанхаз атәы еиҭалҳәеит. Академик Сергеи Бебиа Владислав Арӡынба дшигәалашәо атәы еиҭеиҳәеит, ақыҭанхамҩатә наукақәа рдоктор  Лиосик Аиба Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа ақыҭанхамҩатә Институт аԥҵара аус аҿы инаигӡаз ароль атәы еизаз ирзеиҭеиҳәеит.

 

 

 

 

 

 


Read 120 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.