АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 22:27

ААУ иаатит асахьаҭыхратә ҟазара арҵаҩцәа рзанааҭтә дырра аҩаӡара ашьҭыхра иазку акурсқәа.

Аҟәа. Рашәарамза 17, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамза 16 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы иаатит Очамчыратәи ашкол-интернат уахь иналаҵаны, азеиԥшҵараиурҭақәа рҿы асахьаҭыхратә ҟазара арҵаҩцәа рзы азанааҭдырра аҩаӡара ашьҭыхра иазку акурсқәа, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҵара Аминистрра апресс-маҵзура.

Акурсқәа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҟны иҟоу аквалификациа ашьҭыхреи акадрқәа реиҭазыҟаҵареи рзы Ареспубликатә центри Аԥсны аҵара Аминистрреи рыла  еиҿкаахеит.

Аиԥылара аартуа, Аквалификациа ашьҭыхреи акадрқәа реиҭазыҟаҵареи рзы Ареспубликатә центр адиректор Медеиа Ченгелиа акурсқәа рымҩаԥгара хықәкы хаданы иамоу асахьаҭыхратә ҟазара арҵаҩцәа русураҿы ихымԥадатәиу адырра ҿыцқәа рыҭареи иара убри ала рзанааҭтә дырра аҩаӡара ашьҭыхреи ауп ҳәа иазгәалҭеит.  Уи иара убас акурсқәа азыӡырҩцәа еиҳа ихадоу, ҳаамҭа иақәшәо арҵаҩратә методикақәа рызнагара, адыррақәа аус рыдулареи апрактикаҿы ахархәашьеи деилыркаара иазкуп ҳәа илҳәеит.

Еизаз зегьы бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо дықәгылеит аҟазара афакультет адекан, адоцент Ныгәзар Логәуа.

Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит акурсқәа ирыҵоу аҵакы ахадара, иара убас еизаз Аԥсны асахьаҭыхратә ҟазара ашьақәгылара аҭоурыхи ААУ аҟазара афакультет аартра шымҩаԥысузи рзеиҭеиҳәеит.

«Сара сгәаанагарала, аквалификациа ашьҭыхра акурсқәа даара хра злоу усны иҟалоит, избан акәзар, ахәҭакахьала ҳаргьы даара аинтерес ҳамоуп арҵаҩцәа рхы иадырхәо арҵаҩратә методикақәа зеиԥшроу аилкаара. Арҭ акурсқәа аԥышәеимадаразы акыр иманшәалоу плошьадканы иҟалар алшоит», — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.

Аҵара Аминистрра ахьӡала дықәгылеит азеиԥш, абжьаратәи, абжьаратә-профессионалтә ҵарадырра Аусбарҭа анапхгаҩы Маииа Цыбулевскаиа.

Лара Аминистрра азы еиԥш ААУ азыҳәангьы асахьаҭыхратә ҟазара арҵаҩцәа рзанааҭдырра аҩаӡара ашьҭыхра акурсқа раартра — акыр зҵазкуа хҭысны иҟоуп ҳәа иазгәалҭеит.

«Асахьаҭыхратә ҟазара арҵаҩцәа аҵаҩцәа рдунеихәаԥшышьа аҿы акыр зҵазкуа хәҭаны иҟоу лаԥшылатәи ахәыцшьа шьақәдыргылоит. Сара иарбоу акурсқәа Шәара шәзы алекциақәа рцикл мацараны акәымкәа, зегьы раԥхьа иргыланы анаҩс доусы шәыклассқәа рахь инажәго аԥышәа ҿыц аиура, аидеиа ҿыцқәа, агәацԥыҳәара ацәырҵра алзыршо акакәны иҟаларц сҭахуп. Араҟа имҩаԥыжәго аамҭа хра злоу алҵшәақәа аанарԥшааит, шәзанааҭтә дыррақәа рыҩаӡара ашьҭыхреи Аԥсны аҟыбаҩ злоу аҿар реиҵааӡара ауси иацхрааит. Зегьы ақәҿиарақәеи аманшәалареи шәзеиӷьасшьоит!» – ҳәа илҳәеит Маииа Цыбулевскаиа.

«Аԥсны ашколқәа рҿы амилаҭтә компонент ахархәарала асахьаҭыхратә ҟазара аҵаҩцәа рызнагара аметодика» атемала ажәахә ҟаҵо дықәгылеит аҟазара афакультет адекан ихаҭыԥуаҩ, адоцент  Руслан Чхамалиа.

Апрезентациа ала ихарҭәаау алекциа «XX ашәышықәса актәи азыбжазы Аԥсны апрофессионалтә ҟазара аҿиареи ашьақәгылареи» даԥхьеит Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла алахәыла, Урыстәыла адизаинерцәа Реидгыла алахәыла, адоцент Ельвира Арсалиа.

Акурсқәа мҩаԥыслоит латәарала-латәарадатәи аформат ала, уи иалагалахоит алекциақәа, аицәажәарақәа, атренингқәеи аҟазара-аклассқәеи.  Алекциақәа ирыԥхьалоит ААУ аҟазара афакультет арҵаҩцәа.

Асахьаҭыхратә ҟазара арҵаҩцәа рзанааҭдырра аҩаӡара ашьҭыхра акурсқәа рышьақәгыларатә сессиа рашәарамза 24 аҟынӡа имҩаԥыслоит.  

Аихшьаалатә квалификациатә усурақәа рылҵшәақәа рыла акурс ахыркәшара азы аршаҳаҭгақәа рыҭахоит.

 

 

 

 


Read 46 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.