«Ҳара гәахәарыла иҳадаҳкылеит арҭ амшқәа рзы Шәара ҳаизыҟазаашьақәа аимпульс ҿыц аҭаразы аамҭа ԥшааны шәахьаҳҭааз. Шәара иахьа араҟа шәыҟазаара – зеиӷьаҟам ала иаанарԥшуеит ҳара ҳагәҭакқәеи ҳпартниорра иаҵоу аҵакы ахадареи. Идуӡӡаны иҭабуп ҳәа расҳәоит аделегациақәа зегьы, ақалақь Амш азгәаҭара иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рахь иаасыԥхьоит. Ҳақалақьқәа шәҭыкакаҷлааит, ҳаимадара ессааира иӷәӷәахалааит», – ҳәа иҳәеит Ҭемыр Агрба.
Самара ақалақь округ ахада Иван Носков Аҟәа ақалақь ауааԥсыра ақалақь Амшныҳәа рыдиныҳәалеит, убри аан уи ари аныҳәа акыр аҵанакуеит ҳәа иазгәеиҭеит.
«Аҟәаҟа иаауеит ҳара ҳауаажәлар, урҭ рыԥсы ршьоит, Аԥснынтәи ианыхынҳәлак еиҭарҳәоит араатәи иблахкыгоу аԥсабара, зеиӷьаҟам асадкылара атәы. Сара шәара шәахь саацыԥхьаӡа избоит аԥсҭазаара аҽеиҭанакуа, ақалақь шаҟа аҽаԥсахуа, ишҿио. Уи гәахәарыла сахәаԥшуеит, избан акәзар, аԥшӡареи абзиабареи рыла иҭәу аԥсҭазаара, адгьыл, аҿиара, ашьақәгылара салахәзар сҭахуп», — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра ацеремониа ашьҭахь адныҳәаларатә ҳәамҭақәа ҟарҵеит Москва, Санкт-Петербург, Самара, Нижни Новгород, Луганск, Тамбов, Ростов-на-Дону, Аахыҵ Уаԥстәыла ахаҭарнакцәа. Аофициалтә хәҭа анхыркәшаха ашьҭахь аганқәа агәаларшәаратә ҳамҭақәа еимырдеит.