Аџьазтә аԥхьахәқәа ргеит Шахты ақалақь (Ростовтәи аобласть) амҵәышәмпыласыҩцәа. Ахԥатәи аҭыԥ азы урҭ асчиот 84:76 ҳәа ириааит черқьесстәи акоманда «Эльбрус».
Иреиӷьу ахәмарыҩцәа ҳәа иалкаахеит Артиом Кориаковски (ақ.Шахты), Роман Воробиов (ақ. Черқесск), Валери Маган (ақ.Волгоград), Семион Медведев (ақ.Славианск-на-Кубани), зегьы раасҭа иқәыԥшу ахәмарҩы ҳәа далкаахеит - Артур Тедеев (Аахыҵ Уаԥстәыла).
Ахраҿагара аиҿкаара рхахьы иргеит – Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилаки Аԥсны амҵәышәмпыл Афедерациеи. Убри аан адгылара ҟанаҵеит амобилтә еимадара Аилазаара «А-Мобаил».