АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Ԥхынгәы.2025

«Иџьашьахәу» ақалақь Амш азгәарҭеит Т. Шамба ихьӡ зху апарк аҿы.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. «Алакә» ҳәа изышьҭоу  Т. Шамба ихьӡ зху Аҟәатәи апарк аҿы Аҟәа ақалақь 2509-шықәса ахыҵра иазкны ахәыҷқәа рзы еиҿкаахеит агәмырҿыӷьратә усмҩаԥгатәқәа.

Асааҭ 10:00 инаркны апарк ахәыҷқәа ауаргьалақәа рықәтәареи абатутқәа рҿы аԥареи асахьақәа рҭыхреи ахәмаргатә ԥсыӡқәа рыкреи рзы алшара рзаԥнаҵеит.  

Асааҭ 11:00 рзы иалагеит ахәыҷбаҳчақәа «Алашара», «Аеҵәаџь», «Алиас», Лера Ҭҳаиҵыҟә лхәыҷбаҳча, уҳәа ааӡамҭацәа рықәгыларақәа.  Ахәыҷқәа ахәаԥшцәа ашәаҳәареи акәашарақәеи рыла акыр идыргәырӷьеит.

Аныҳәатә программа арежиссиор Гәыдиса Ҭодуа еизаз ахәыҷқәа зегьы аныҳәа рыдиныҳәалеит.

«Аҭынчреи аизҳазыӷьареи роуааит ҳхәыҷқәа», – ҳәа иҳәеит иара.

Апрограмма аспорттә блок иалагалан аспорттә школ агимнаст ҿарацәа рықәгыларақәа. Анаҩс асасцәа ирзыԥшын аниматорцәеи уаҩышәара иҟоу акьанџьақәеи злаху уагәылазхало ақәгыларақәеи аконкурсқәеи.

Апрограмма иахәҭакны иҟан иара убас «Агәымшәақәа реҵәаџьаа». Ахәаԥшцәа авикторина азҵаарақәа ииашаны аҭакқәа рыҟаҵарала ацирктә қәгылара, мамзаргьы  ашоу ахь абилеҭқәа хәыда-ԥсада раиуразы алшара рыман.

Ахәыҷқәа гәахәара дула Аҟәа ақалақь аҟынтәи авокалтәи акәашаратәи аҟыбаҩ злоу артист ҿарацәа злахәыз аныҳәатә концерт иахәаԥшуан.

Аныҳәатә усмҩаԥгатә зеиӷьаҟам акьанџьатә спектакльқәа «Мэри Поппинс», «Алиса в стране чудес» ала ихәыркәшахеит.

Аусмҩаԥгатә аиҿкааҩцәа асасцәа зегьы ргәалаҟазаара ашьҭыхразы хәыда-ԥсада аршәи ахаа-мыхаақәеи иџьбарам арыжәтәқәеи рыдыргалон. 

Аусмҩаԥгатә аиҿкаара ахахьы иагеит аҳҭнықалақь аҵара Аусбарҭа.


Read 69 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.