Архангельск ахада Дмитри Морев иажәақәа рыла, афотоцәыргақәҵақәа рыла аимадара азы аидеиа Архангельски Аҟәеи рҿар ишиашоу реимадара иалҵшәахеит.
«Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ҳақалақьқәа рҿар рыбжьара аимадара иҿыцу аҩаӡарахь ицәырҵит. 2023 шықәсазы Аҟәа ақалақь аҿар рделегациа Архангьельск иаҭааит, урҭ жәларбжьаратәи афорум «Во славу Флота и Отечества!», иара убас Беломортәи астудентцәа рфоруми рхы аладырхәит.
Анаҩс имҩаԥысит авонтиорра, Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа ахҭысқәа рзы аҭоурыхтә гәалашәара аиқәырхара азҵаарақәа рыла онлаин-усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысит. Ҳақалақьқәа рҿар ирзеиԥшыз аинтересқәа анырыԥшаа ашьҭахь реимадареи русеицуреи иацырҵарц рыӡбеит», - ҳәа иҳәеит Дмитри Морев.
Рашәарамза 29 рзы иазгәарҭеит Архангельск ақалақь Амш. Усҟан Аҟәа ақалақь аԥшаҳәа аҿы еиҿкаахеит аиашьаратә қалақь иазку афотоцәыргақәҵа.