АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 15:49

Бадра Гунбеи Сергеи Кириенкои Аҟәа амшын аԥшаҳәа аҿы аныҟәара мҩаԥыргеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко напхгара зиҭо аделегациеи Аҟәа амшын аԥшаҳәаҟны аныҟәара мҩаԥыргеит.

Иахьааҭгылаз аҭыԥқәа ируакуп акыршықәса раахыс аус зымуа ԥасатәи асасааирҭа «Абхазиа» ахыбра.

Ахыбра ахәаԥшраан ирылацәажәеит аамҭала иҟаҵатәу — адекоративтә фальш-фасад  ашьақәыргылара, аиҭашьақәыргылара иалагаанӡа аԥшаҳәа агәҭаны улахь иааиуа аҟаҵаразы. 

Анаҩс аделегациа аиахт-клуби аресторан «Амреи» иаҭааит.

Аклуби аресторани зтәу алахәыла Ношреван Чачба аекскурсиа мҩаԥго, аҭыԥ арҿиаразы игәҭакқәа ртәы рзеиҭеиҳәеит.

Иара убас аныҟәараан идырбан амшын аԥшаҳәа арҿыцразы аконцепциа.

Ҷыдала, аҭоурыхтә ӡыршә архитектуратә арлашага ацҵаны, аԥшаҳәа зегьы арлашара асистема аԥҵара ртәы иалацәажәеит. 

Аԥхьаҟа аԥшаҳәа хаҿрас иаиуа  — аҟәаа ирыӡбоит.

 


Read 34 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.