Аҟәа. Ԥхынгәымза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аусуратә еилацәажәарақәа рыбжьара Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы акаҳуажәырҭа «Брехаловка» аҟны иформалтәым аиԥылара мҩаԥыргеит.
Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои «Брехаловка» лассы-лассы иаҭаалогьы егьырҭ аҭааҩцәагьы ирацәажәеит, иалацәажәеит ақалақь абжьааԥнытәи аԥсҭазаара.
Уажәааигәа акаҳуажәырҭаҟны иргылан аишәеи атәарҭа ҿыцқәеи - урҭ Сергеи Кириенко иҳамҭоуп. Ақалақьуаа ари ҳаҭыр ақәырҵеит, иҟалаз арҿыцрақәа иҭабуп ахырҳәааит.
Амшын аԥшаҳәаҿы рынеииааираан Аҟәа ақалақь абжьаратәи ашкол №2 адиректор Ирина Повирскер Сергеи Кириенко ҳамҭас илҭеит ашкол асахьа зну аҭыхымҭа – аҟәатәи асахьаҭыхыҩ Ҭемыр Ҵәыџьба иусумҭа.