АЖӘАБЖЬҚӘА

03.Жьҭаара.2022

КАЛМЫКИА АХАДА БАТУ ХАСИКОВ АԤСНИ КАЛМЫКИЕИ ГАНРАЦӘАЛАТӘИ АИМАДАРАҚӘА РЫБЖЬАҴАРА ДШАДГЫЛО АЗГӘЕИҬЕИТ.

Аҟәа. Жьҭаарамза 3, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Калмыкиа Ахада Бату Хасиков дидикылеит.

«Ҳаҭыр зқәу Бату Сергеи-иԥа, бзиала уаабеит! Ҳадгьыл аҟны шәбара ҳаигәырӷьоит»,- ҳәа асас аԥсшәа иаҳәо иҳәеит Аслан Бжьаниа. Аиԥылараҟны еиуеиԥшым аусхкқәа рыҟны аусеицура азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит Аԥсни Урыстәылатәи Афедерациеи ганрацәалатәи аимадарақәа шрыбжьоу. «Урыстәылатәи Афедерациа асубиектқәеи ҳареи аимадарақәа, аекономикатә, аиҩызаратә, акультуратә еизыҟазаашьақәа ҳабжьаҳҵар ҳҭахуп»,- ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Калмыкиа Ахада иганахьала Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа иҭабуп ҳәа еиҳәеит аиԥыларазы. «Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа, гәахәара дууп сара сзы Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны сыҟазаара. Сара Аԥсны аҭоурыхи акультуреи рдырра сахьӡахьеит. Абас еиԥш ахшыҩҵак сызцәырҵит избаз анаҩс, «Аԥсны Аҳәынҭқарра аиааира символра азызуа аҭоурых аиқәырхара алшеит, ари иахьа ҷыдала аҵакы амоуп»,- ҳәа иҳәеит Баҭу Хасиков.

Калмыкиа Ахада иазгәеиҭеит Аԥсныҟа иаара хықәкыс ишамоу атуризм, аҵараиура, ақыҭанхамҩа ахырхарҭала аусеицура ахацыркра.

«Сара зҿлымҳара аҭаны сахәаԥшуеит Урыстәыла еиуеиԥшым арегионқәеи ҳфедералтә центри шәареи шәшеиҿцаауа. Шәыгәҭакқәа шырацәоу збоит туризм, алогистика, ақыҭанхамҩа, аҵараиура инамаданы», - иҳәеит Бату Хасиков, Аԥсныҟа ажәалагалақәак иманы дшаазгьы азгәаҭаны.

Аҳәынҭқарра Ахада аҭакс иҳәеит ас еиԥш иҟоу аԥшьгарақәа, аимадарақәа рышьақәыргылара адгылара шриҭо.

Аслан Бжьаниеи Бату Хасикови иара убас иалацәажәеит жәларбжьаратәи амшхәаԥштә аҟны иқәгылоу азҵаарақәагьы.

Аиԥылара аихшьалақәа рыла Аслан Бжьаниеи Бату Хасикови агәаларшәагатә ҳамҭақәа еимырдеит.

Аиԥылара иалахәын Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Ахада Иубарҭа Анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-ацҳаражәҳәаҩ Максим Литвинов.


Read 415 times - Аԥшьаша, 13 Жьҭаара 2022 16:51
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.