АЖӘАБЖЬҚӘА

03.Жьҭаара.2022

ДАУР АҚАҨБА РОСТОВ АҚАЛАҚЬ АХЬ АУСУРАТӘ НЫҞӘАРА МҨАԤИГОИТ.

Аҟәа.  Жьҭаарамза 3, 2022 шықәса.  Аԥсныпресс.  Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба аусуратә ныҟәара аҳасабала Ростов-на Дону ақалақь ахь амҩа дықәлеит. Уи иусуратә ныҟәара ахықәкы хаданы иҟоуп XXI аҟазара азҟазацәа жәларбжьаратәи рфестиваль «Аҭынчра Кавказ азы» алахәхара.  

 

Аусуратә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны иазԥхьагәаҭоуп аҩганктәи аусеицура иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа рылацәажәара хықәкыс иҟаҵаны Ростоватәи аобласт акультура аминистр иԥылара.


Read 444 times - Аԥшьаша, 13 Жьҭаара 2022 16:50
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.