Адепутатцәа Имам Шамиль имҩала игылоу аҩны №6 аҿыԥшыларатә ган аҿы Витали Амаршьан игәалашәаразы амемориалтә ӷәы ашьақәыргылареи Гиви Агрба имҩала игылоу аҩны № 37 аҿыԥшыларатә ган аҿы – Маргарита Ладариа лмемориалтә ӷәы ашьақәыргылареи рзы еицҿакны аӡбамҭа рыдаркылеит.
Даҽа амшхәаԥштә зҵаарак аҳҭнықалақь абиуџьет аиҭакрақәа ралагалара иазкын. Ақалақь ахада Ҭемыр Агрба иҟынтәи иааз ашәҟәы ахәаԥшреи ахцәажәареи рышьҭахь, адепутатцәа 2025 шықәсазы аҳҭнықалақь абиуџьет аиҭакрақәа аларгалеит.
Адепутат Асида Дбар абиуџьет аиҭакрақәа ралагалара азҵаара заанаҵы ақалақь Ахадара ахаҭарнакцәа радыԥхьаларала адепутатцәа рыла аус адулара мҩаԥган ҳәа адырра ҟалҵеит. Ахәҭакахьала, аргылара, анагӡаратә мчра аусбарҭақәа русура аиҿкаара, арезервтә фондқәа, аиқәыршәазаара, уҳәа Анхара-коммуналтә Нхамҩа аусхкы иадҳәалоу егьырҭ азҵаарақәа, асоциалтә хьчара, акультура, аҟазара, иара убас амассатә информациа ахархәагақәа реԥш иҟоу аҟәшақәа рыла ахарџьқәа рхышәа-ҵышәа еизҳауеит. Асида Дбар лажәақәа рыла, 2025 шықәсазтәи абиуџьет ахархәагақәа реизырҳара афинансыркра хыҵхырҭас иамоуп 2024 шықәса ахыркәшамҭаз ииасуа ацәынхеи ареспубликатә биуџьет аҟынтәи асубсидиақәеи.
Ақалақь ахада Ҭемыр Агрба, зыдгалара мҩаԥгоу абиуџьет ахь аиҭакрақәа ақалақь аҿы хыԥхьаӡара рацәала имҩаԥысуа изаамҭанытәиу аиҭашьақәыргыларатә усурақәа реиԥш шьаҭанкылатәи аусурақәеи ирыдҳәалоуп ҳәа иазгәеиҭеит. Ҭемыр Агрба адепутатцәа Инал Ҭыжәба, Саид Ашәбеи Аик Каленџьиани Синоп аҳаблеи Алашарбага аҳаблеи рҿы инхо ақалақь ауааԥсыра ӡыла реиқәыршәара иадҳәалоу рызҵаарақәа аҭак ҟаиҵеит. Ақалақь ахада адепутатцәа агәра диргеит аамҭа кьаҿ иалагӡаны иарбоу азҵаара аӡбаразы ихымԥадатәиу ауснагӡатәқәа зегьы шымҩаԥгахо азы. Уи иара убас ааигәа аҳҭнықалақь аҿы иҟало атроллеибус ҿыцқәа жәаба роушьҭразы имариам, насгьы ахарџь ду зцу аусура мҩаԥгатәны ишыҟоу азгәеиҭеит. Ҭемыр Агрба аҳҭнықалақь иахьаҵанакуа иазԥхьагәаҭоу аиқәыршәазааратә усурақәа дрыхцәажәеит.
Азҵаара алацәажәара аихшьаалақәа ҟаҵо, Ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Дмитри Осиа аҵыхәтәантәи аамҭазы ақалақьуаа еиҳа ақалақь анапхгараҭареи ақалақьтә Еизареи рахь ирымоу агәрагара иацлеит ҳәа ҷыдала иазгәеиҭеит. Аилацәажәара ашьҭахь адепутатцәа ҳазҭоу ашықәс азы аҳҭнықалақь абиуџьет аиҭакрақәа аларгалеит, уи ахарџьтәи ахашәалахәтәи ахәҭақәа рхышәа-ҵышәа 2 млрд 312 млн. 103 нызықь мааҭ рыла ишьақәдырӷәӷәеит.
Ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аиҳабы иусура хар амамкәа имҩаԥгоуп ҳәа иԥхьаӡан. Адепутатцәа аҳҭнықалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аиҳабы Асҭамыр Ҳагәышь иҟаиҵаз аҳасабырба иазыӡырҩит. Шықәсыки бжаки рыла имҩаԥгаз аусура дахцәажәо, Асҭамыр Ҳагәышь Аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусура нарыгӡон 135-ҩык аусзуҩцәа, убри аан урҭ рхыԥхьаӡара 70-рыла еиҳазар ахәҭоуп ҳәа иазгәеиҭеит. Аха уеизгьы, Асҭамыо Ҳагәышь иажәақәа рыла, ақалақь амилициа аусура аиҳарак ауаажәларратә зинеиҿкаареи ауаажәларратә шәарҭадареи, ацәгьоурақәеи азинеилагарақәеи рыԥхьырҟәҟәаареи урҭ раарԥшреи иазырхан ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
Ҳазҭоу ашықәс актәи азыбжа азы Аҟәа ақалақь аҿы ашәҟәы иҭагалан 76 ашьаустә ҟазшьа змоу ацәгьоурақәа, урҭ рахьынтә иаартуп — 70. Ақалақь аҿы ашәҟәы иҭагалаз ацәгьоурақәа рзеиԥш хыԥхьаӡара аҟынтәи, иуадаҩу — 31, иаартуп — 25. Иҳаҩсыз ашықәс иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, иҟаҵаз ашьаутә ҟазшьа змоу ацәгьоурақәа рхыԥхьаӡара акы ала еиҵахеит, ицәгьоу – ԥшьба рыла. Еиҳа иаарԥшуп анаркотикқәеи абџьари изакәанымкәа реикәыршара иадҳәалоу афактқәа», – ҳәа иазгәеиҭеит амилициа аиҳабы.
Асҭамыр Ҳагәышь аусеилыргареи аӡбамҭеи рҟынтәи зҽызӡоз ацәгьоуцәа рыԥшаареи раанкылареи рганахьала мҽхакы ҭбаала аусура мҩаԥгоуп ҳәа иазгәеиҭеит. Убас, зынӡа ашьаусԥшаара иаҵанакуеит 71-ҩык, аҳасабырбатә аамҭахәҭа иалагӡаны 13-ҩык рганахьала ашьаусԥшаара хацыркын, иара убри аҟарагьы иаарԥшны иаанкылан.
Аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусзуҩцәа даҽа ҩынҩажәижәааҩык ацәгьоуцәа ԥшааны иааныркылараны иҟоуп. Асҭамыр Ҳагәышь Аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аҟәшақәа зегьы русура, атәылауааи аԥсшьаҩцәеи рзинқәа рыхьчаразы имҩаԥысуа аусуреи рзы инарҭбааны адырра ҟаиҵеит. Уи иажәақәа рыла, есыҽны амилициа аусзуҩцәа аҳҭнықалақь аҳаблақәа зегьы рҿы апрофилактикатә усмҩаԥгатәқәа (ареидқәа) мҩаԥыргоит, урҭ ирылҵшәаны иаанкылан 139-ҩык.
Аԥхынтәи акурорттә аамҭахәҭа алагарала азинеиҿкаареи аԥсшьаҩцәа ацәгьоуцәа рҟынтәи рыхьчареи рзы, аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа анапхгараҭара рашәарамза инаркны амшын аԥшаҳәаҿы, асанаториа МВО иахьаҵанакуа Синоп, Киалашәыр, Алашарбага аҳабла, уҳәа аплиажтә зонақәа рыкәша-мыкәша аус зуа аԥыԥшратә гәыԥқәа русура еиҿнакааит. Аԥыԥшратә маҵзура аусура аеффективра азгәарҭеит адепутатцәагьы ақалақь ахада Ҭемыр Агрбагьы. Амилициа аиҳабы адепутатцәа Инал Ҭыжәба, Аик Каленџьиани Саид Ашәбеи автотранспорт аныҟәара, ақалақь иахьаҵанакуа, ахәҭакахьала амшын аԥшаҳәа иахьаҵанакуа, Ҷыҭанааи Акырҭааи рымҩақәа рҿы амашьынақәа рыргыларҭақәа реиҿкаара иадҳәалоу рызҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит, аҳҭнықалақь аиланхарҭақәа рҿы ицәырҵуа егьырҭ апроблемақәа рыӡбара шалыршахаз атәы еиҭеиҳәеит.
Аҳҭнықалақь Аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аиҳабы иҟаиҵаз аҳасабырба аихшьаалақәа ҟаҵо, Ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Дмитри Осиа аусзуҩцәа иахәҭоу рхыԥхьаӡара шыҟамгьы, аҳҭнықалақь амилициа аҿаԥхьа иқәгылоу ахыдҵақәа реиҳарак аӡбара алнаршеит ҳәа иазгәеиҭеит. Аҳҭнықалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусзуҩцәеи уи аиҳаби русура ахәшьара бзиа арҭеит аҳҭнықалақь ахада Ҭемыр Агрбеи ақалақь апрокурор Алхас Агәмааи. Ақалақьтә Еизара адепутатцәа реиҳараҩык аҳҭнықалақь амилициа аиҳабы иусура хар амамкәа инагӡоуп ҳәа иазхарҵеит. Аби азы адырра ҟанаҵоит Ақалақьтә Еизара апресс-маҵзура.