АЖӘАБЖЬҚӘА

03.Нанҳәа.2025

Бадра Гәынба иԥшәмаԥҳәыс дицны ҳаҭыр зқәу асас иаҳәасабала Ҟрым имҩаԥысуаз афестиваль «Таврида.АРТ» ихы алаирхәит.

Аҟәа. Нанҳәамза 3, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба иԥшәмаԥҳәыс Ирма Ҳашыгԥҳа дицны ҳаҭыр зқәу асас иаҳасабала аҿар рҟазара иазкны Урыстәыла имҩаԥырго зегьы реиҳа идуу акультура-рккаратә хҭыс – афестиваль «Таврида.АРТ» ихы алаирхәит, ҳәа иаанацҳауеит атәыла Ахада ипресс-маҵзура.

Аофициалтә делегациа аилазаараҿы иҟоуп аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Ҭарашь Хагба, акинорежиссиор Ҭемыр Кәакәасқьыр.

Афестиваль «Таврида.АРТ» нанҳәа 1 инаркны 3 рҟынӡа имҩаԥысуан. Сынтәа уи апрограмма акультура хә-хырхарҭак рыла ишьақәгылан: атеатр, аҿыханҵатә ҟазара, амузыка, акино, алитература.

Ҟрым Аԥсны Ахада Урыстәыла Ахада Иусбарҭа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко диԥылеит. Урҭ еицны арт-ныҟәара рхы аладырхәит, иара убас иахәаԥшит Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара амш 80-шықәса ахыҵра иазкыз амультимедиатә қәыргыламҭа «Рыжәҩахыр еибыҭа: аҟазареи Аиааиреи».

Иара убас иахьа арт-кластер «Таврида» аҵакыраҿы иаадыртит Аԥсны Аҩны. Уаҟа Бадра Гәынба дырԥылеит ареспублика аҟнытә афестиваль алахәылацәа – Алан Бесланиԥа, Лана Нарсиа, Татиана Линодат. Урҭ Аҳәынҭқарра Ахада изеиҭарҳәеит дара афестиваль арлахәхара шыҟалаз, рымоу агәҭакқәеи ироуз анарреи ртәы.  Аҳәынҭқарра Ахада урҭ ақәҿиарақәа рзеиӷьашьо иазгәеиҭеит, аҳәынҭқарра ҷыдала ахшыҩзышьҭра шанаҭо аҿар рҟазара аизырҳаразы. Аҳәынҭқарра Ахада иара убас амассатә информациа ахархәагақәа рхаҭарнакцәа дрыҿцәажәеит. 

 

 

 


Read 59 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.