Актәи аԥҟара– ацифратә гигиена
Ацҵақәа хымԥада аофициалтә плошьадкақәа рҟынтәи иҭыгатәуп, наунагӡа мап ацәктәуп игәрагам азхьарԥшқәа рахь аиасра. Аелектронтә шәҟәқәа ахьынтәиаауа апошьҭатә ҭыӡҭыԥқәа, иара убас абраузер ацәаҳәа аҟны иҟоу асаитқәа рҭыӡҭыԥқәа ахшыҩзышьҭра аарԥшны игәаҭалатәуп. Анаԥхыцәгьақәа ҟазарыла иԥаршеиу асаитқәеи еиԥшнылоу ахыҵхырҭақәа аԥырҵоит. Иуԥырхагоу апрограммақәа рҟынтәи агаджетқәа рацәыхьчара алшоит антивирусқәа – ихымԥадатәиуп урҭ иааиԥмырҟьаӡакәа рырҿыцра. Анапхыцәгьақәа рыгәҭакқәа рынагӡаразы иара убас еиҿыркаауеит онлаин-акциақәеи аԥарақәа имарианы иоур шалшо азы агәрагара зцу азҵаарақәеи – ус еиԥш иҟоу аԥшьгарақәа зегьы хымԥада мап рыцәкызароуп.
Аҩбатәи аԥҟара – иарбанызаалак аинформациа агәаҭара.
Иузымдыруа аномерқәа рҟынтәи иасыз рыгәрагара ҟалаӡом. Афинансқәеи ахатәы дыррақәеи ирыдҳәалоу аинформациа ишақәнагоу ала агәаҭара ахәҭоуп. Абанк аҟынтәи, амобилтә операторцәа, мамзаргьы аҳәынҭқарратә структурақәа рҟынтәи иасзар, усҟан ҭелла ишәарҳәаз зегьы даҽазныкгьы инҭырҳәцааны игәаҭатәуп. Уи аофициалтә саитқәа, мамзаргьы еиԥырҟьам ҭелла аимадара ацәаҳәа ала иҟоуҵар алшоит. Хымԥада иудыруазар ахәҭоуп: аофициалтә еиҿкаарақәеи ахылаԥшырҭақәеи атәылауаа амессенџьерқәа рыла рыҽрымардаӡом. Уи еиԥш аӡәыр дышәзасзар – уи жәаҳәарада ацәгьоуцәа роуп. Иааизакны асоциалтә ҳақәеи ацифратә сервисқәеи рыла аимадараан агәҽанызаара аарԥлатәуп. Иаагозар, ишәыуоу аӡәы, мамзаргьы шәҩыза иаккаунт аҟынтәи аԥара аԥсахразы аҳәара ҟалазар, еиӷьуп шәхала уи шәизасны иҟоу-шыҟоуҵәҟьа еилышәкаар.
Ихԥахаз – аперсоналтә дыррақәа рыхьчара
Ауаҩы ихаҭара шьақәзыргыло аусшәҟәқәа рыхкьыԥхьқәа, мамзагьы абанктә хсаалага арбагақәа амессенџьер ала адәықәҵара ҟалаӡом. Еиӷьуп ҭелла аиҿцәажәараан аперсоналтәи афинанстәи аинформациа аҳәара мап ацәкызарц. Мап ацәктәуп анҭыҵтәи аиҿкаарақәеи атәымуааи рҟынтәи иаашьҭу азҵаабӷьыц ахарҭәаара. Амессенџьерқәеи ахатәы аккаунтқәеи рҿы, аиҿкаарақәеи ахылаԥшырҭақәеи рыплошьадкақәа рҿы ахатәы кабинетқәагьы уахь иналаҵаны, анапхыцәгьақәа рҽацәыхьчаразы иара убас иназыцҵоу уснагӡаны иҟалар ауеит, апароль анаҩс ахаҭара арҵабыргразы ҩ-факторк зҭаху аккаунт ашәарҭадара ашьҭыхра аметод. Иофициалым аресурсқәа рҿы апаспорттә, абанкттә, уҳәа егьырҭ ахатәы дыррақәа ралагалара ҟалаӡом.
Абанк ПСБ ӷәӷәала аҳәара ҟанаҵоит идырым аномерқәа рыла иасуа рыгәра рымгарц, аклиентцәа рыԥхьаӡаратә ԥхьаӡарақәа рҟынтәи афинанстә операциақәа мҩаԥгазшәа ироуа адыррақәа иахьынӡаҵабыргу гәарҭаларц! Уи аномер 4444 ала иҟаҵазар алшоит. ( аилкаагақәа уахгьы-ҽынгьы иуоуеит, аномер ахь уасырц алшоит Ареспублика Аԥсны иахьаҵанакуа аҟынтәи амобилтә ҭел ала). Прочитано 59 раз.