АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 17:39

Џьансыхә Нанба: иаарласны Аҟәа ақалақь Багаԥшь иашҭа аиҿкааразы аӡбара рыдыркылар ахәҭоуп.

Аҟәа. Нанҳәамза 4, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба ихантәаҩрала имҩаԥысит зеилазаара рҿыцу Амонументалтә ҟазаразы Аҳәынҭқарратә комиссиа аилатәара, ҳәа адырра ҟанаҵоит аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.

Акомиссиа иахәаԥшит Аҳәынҭқарратә комиссиа ала ирылаҳәаз иаатру жәларбжьаратәи аконкурсқәа рахь ицәыргахаз апроекттә ажәалагалақәа рахь ихымԥадатәиу ахыдҵақәеи алкаақәеи азгәаҭарақәеи.  

Акомиссиа алахәылацәа иҟоу азакәанԥҵара инақәыршәаны, аҭоурыхтә хҭыс, мамзаргьы  иналукааша ахаҿы игәалашәара науагӡазтәуа амонументалтә скульптуратә ԥҵамҭақәа рсахьаркыратә еиҿкаара алхра Аҳәынҭқарратә монументалтә комиссиа аӡбамҭа ала мацара ишыҟало азгәарҭеит. Акомиссиа иара убас Аԥсны Аҩбатәи Ахада Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшьи Аԥсны Жәлар рпоет Иуа Абас-иԥа Коӷониеи ргәалашәара анаунагӡатәра азҵаара иалацәажәеит.

Акомиссиа ахантәаҩы, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба иаарласны Аҟәа ақалақь Сергеи Багаԥшь иашҭа аиҿкаареи Аҩбатәи Ахада искульптура ашьақәыргылареи рзы аӡбара рыдыркылар шахәҭоу, насгьы уи азы апроект Аҳәынҭқарра Ахада ахәаԥшразы ишизынашьҭтәу азгәеиҭеит.

2019 шықәсазы аекспертцәа реиҳараҩык аҟазаратә гәыԥ «Ҳара ҳақалақь» иархиаз апроект иақәшаҳаҭхеит. Авторцәа аусуратә мшқәа 10 ирылагӡаны уи ахыркәшаразы анапынҵа рыҭан.

Уи адагьы, 2026 шықәса жәабранмза анҵәамҭанӡа, акомиссиа Очамчыра ақалақь Ахадара ахыбра аҿаԥхьа  Сергеи Багаԥшь ибаҟа аргыларазы жәларбжьаратәи аконкурс ҩаԥхьа еиҿнакаауеит.

Ԥхынгәымза, 2025 шықәса рзы Ареспублика Аԥсны анапхгара Аҳәынҭқарратә комиссиа апоет Иуа Коӷониа ибаҟа аескизтә проект аиқәыршәаразы иаарту аконкурс аиҭамҩаԥгаразы адҵа анаҭеит. Абаҟа ргылахоит  1992–1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан идырбгаз абиуст уаанӡа иахьгылаз   И.Коӷониа ихьӡ зху асквер аҿы.

Акомиссиа аӡбамҭала, мызкы иалагӡаны аԥсуа поет Иуа Коӷониа ибаҟа аргыларазгьы даҽа еицлабрак мҩаԥгахоит.

Амонументалтә ҟазаразы Аҳәынҭқарратә комиссиа аӡбамҭала Аԥсны акультура Аминистрра аамҭа кьаҿ иалагӡаны аконкурсқәа рымҩаԥгаразы аҭагылазаашьақәа рзы адырра аланарҵәоит.

 

 


Read 33 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.