«Ақалақь ахадара реиԥш, аҳҭнықалақь иаланхо рзгьы акыр аҵанакуеит ацқьареи аиҿкаареи. Ҳара маҷ-маҷ ҳхықәкы ҳазнеиуеит. Акоммуналтә маҵзурақәа рпарк ҳарҿыцуеит, арыцқьаратә метод ҿыцқәа ԥаҳшәоит, уажәы агәамсамҭрақәа рырҿыцра ҳалагеит», — ҳәа азгәаҭоуп адырраҿы.
Агәамсамҭрақәа рдизаин аҭыԥантәи архитекторцәа аус адыруылеит, дара Аԥсны иҟаҵоуп.