АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 20:25

Аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» аԥыррақәа рымҽхак арҭбаауеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 6, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Нанҳәамза 14 рзы В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» амаршруттә ҳа аҿы иҿыцу ахырхарҭа цәырҵит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҳаирбаӷәаза апресс-маҵзура.

 Санкт-Петербургҟа аԥыррақәа ирылагоит аҳаиртә еилазаара «iFly». Урҭ зкомфортра ҳараку аҳаирпланқәа  Airbus 330 рыла мчыбжьык ахь ҩынтә имҩаԥыслоит. Ареисқәа мҩаԥыслоит хашалеи мҽышалеи абри аиханҵа инақәыршәаны:

– Аҟәатәи иҵԥраауеит асааҭ 09:15 рзы,  Санкт-Петербург итәоит асааҭ 13:30 рзы;

– Санкт-Петербургынтәи иҵԥраауеит асааҭ 15:00 рзы, Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа итәоит  асааҭ 19:15 рзы.

Иахьазы Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза иаднакылоит Москва, Нижни Новгороди Ханты-Мансиски ақалақьқәа рҟынтәи ареисқәа.

Аҳаиртә еимадара аиҭашьақәыргылара ҟалеижьҭеи Аԥснытәи аҳаирбаӷәаза 200 реис аднакылахьеит. Апассаџьырцәа рхыԥхьаӡара 40 нызықьҩык иреиҳауп, аус адулан 300 тонна инарзынаԥшуа аидара. 


Read 26 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.