Ишнеизҵәҟьа дара Кавказ ахьчаҩцәа рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Амонумент Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш 80 - шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы Урыстәыла ацхыраарала арестоврациа мҩаԥган. Бадра Гәынба, Беслан Бигәааи Сергеи Кириенкои ақыҭа аинфраструктура асоциалтә обиектқәа ирҭааит, аҭыԥантәи ауааԥсыра ирыҿцәажәеит.
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба иара ԥхынгәымза 13 рзы ари ақыҭа данаҭааз ишьҭыхыз апроблемақәа зегьы рыӡбара мҩаԥысуеит ҳәа иазгәеиҭеит. Урҭ аҳаиреимадара, Аӡфымцатә Станциа аиҭашьақәыргылара, ахәыҷтәы плошьадка аиқәыршәазаара, уҳәа егьырҭ азҵаарақәа ирыдҳәалоуп.