Нанҳәамзазы аангыларҭа «Абааҭа» атоннель №9 аҭагылазаашьа гәарҭеит. Абарҭ аусурақәа мҩаԥыргеит:
– алазертә ақәҭыхра,
– ашьарсҭақәеи аҵҟьақәеи гәарҭеит,
– абетон аӷәӷәара еилыркааит,
– атепловизо ала зыҩаӡара ҳараку ацәаакыра ахьҟоу аҭыԥқәа раалкааразы агәаҭарақәа, иара убас егьырҭ атехникатә ҭҵаарақәагьы мҩаԥыргеит.
Зынӡа аспециалистцәа аихамҩатә тоннельқәа жәаба рыла алкаақәа ҟарҵараны иҟоуп. Агәаҭарақәа реихшьаалақәа рыла АУН «Аԥсны аихамҩа» хымԥада имҩаԥгатәу аусурақәа рзы абжьагарақәа зцу аҳасабырба аиуоит.
АУН «Аԥсны аихамҩа» анџьныр хада Леонид Ҟәыруа иажәақәа рыла, иарбоу аусура хықәкыс иамоуп – аныҟәареи апассаџьарцәа рыиагареи ашәарҭадара ашьақәыргылара.