АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 16:11

Бадра Гәынба Иреиҳаӡоу аӡбарҭа уаанӡатәи ахантәаҩы Алла Аҩӡԥҳа лиубилеи лыдиныҳәалеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Иреиҳаӡоу аӡбарҭа уаанӡатәи ахантәаҩы, Ареспублика Аԥсны Зҽаԥсазтәыз азиндырҩы, «Ахьӡ-Аԥша» аорден  II аҩаӡара акавалер Алла Аҩӡԥҳа лиубилеи лыдиныҳәалеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура. 

Адныҳәаларатә цҳамҭаҟны, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Алла Оҭар-иԥҳа! Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит шәиубилеи! Ари амш аҽны иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп аиашаӡбара амаҵзуреи иааизакны ҳтәыла аҿиареи рзы шықәсырацәала иаашәырԥшуаз зыҩаӡара ҳараку шәзанааҭдырреи шәус ламысцқьала азнеиреи рзы.  Шәара аҭоурых аҿы шәаанхоит раԥхьаӡатәи аԥсуа ԥҳәыс ӡбаҩ шәакәны, насгьы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩы имаҵураҭыԥ иахагылаз раԥхьаӡатәи аԥҳәыс шәакәны. Азинӡбара аусбарҭақәа рҿы акыршықәсатәи шәусура иалагӡаны Шәара шәыжәлар рҿаԥхьа хьӡи-ԥшеи шәырҳаит шәзанааҭ аҿы иаашәырԥшыз аихьӡара дуқәеи адырра ҳаракқәеи ирыбзоураны. Шәара шәзанааҭтә усуралеи шәҟәышреи шәыхарахәыцреи шәиашареи ирыбзоураны Аԥсны иҿыцӡоу аҭоурых аҿы шәышьҭра ӷәӷәа ааншәыжьит.   

Ҳаҭыр зқәу Алла Оҭар-иԥҳа, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аизҳазыӷьара, ахирра, ишәзааигәоу рыгәҭа аԥсуа ишықәснҵыра ду».  

 


Read 46 times - Асабша, 09 Нанҳәа 2025 14:45
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.