Аҳәынҭқарра Ахада иусԥҟа инақәыршәаны, Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу анаркотикатә маҭәашьарқәа изакәанымкәа реикәыршара аҿагыларазы Ахеилак Аԥҟареи Аилазаареи шьақәырӷәӷәоуп.
Убас, атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут напхгара зиҭо, Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу анаркотикатә маҭәашьарқәа изакәанымкәа реикәыршара аҿагыларазы Ахеилак аилазаараҿы иҟоуп:
– Ануа И.К. – Ареспубликатә наркологиатә диспансер аҳақьым хада;
– Ахьиба Т.И. – Ареспублика Аԥсны ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ;
– Быҭәба Е.В. – агәабзиарахьчара аминистр;
– Гәынба Х.В. – аҵарадырра аминистр;
– Гогохьиа К.З. – Ауаажәларратә Палата алахәыла;
– Пачалиа А.Р. – Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анаркотикатә маҭәашьарқәа реикәыршара ахылаԥшразы Аусбарҭа аиҳабы;
– Ҳагба Т.М. – атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо;
– Хьециа О.М. – Аҳәынҭқрратә ҳазалхратә Еилкы ахантәаҩы;
– Чичба А.А. – Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ;
– Шергелиа Т.А. – атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы апарламенттә Еилкы ахантәаҩы (аиқәыршаҳаҭрала);
– Шьаҟрыл С.Н. – Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Аҳәынҭқарра-зинтә напхгараҭара асектор ареферент еиҳабы (Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ).