АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Нанҳәа.2025

Урыстәылатәи аҳақьымцәа рыбригада Галтәи араионтә хәышәтәырҭа аҿы апрофгәаҭарақәа мҩаԥыргоит.

Аҟәа. Нанҳәамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Агәабзиарахьчара Аминистрра, «Аԥсны Акоманда», урыстәылатәи ауаажәларратә еиҿкаара «Жәлар рыфронт», Гал араион Ахадара иҭшәоу апрофиль ала аус зуа Урыстәылатәи аҳақьымцәа Гал ақалақь ахь раара  еиҿыркааит.

Гал ақалақь араионтә хәышәтәырҭа хада аҿы абар ҩымшуп отоларинголог, амаммолог-онколог, агинеколог, ауролог, уҳәа реиԥш иҟоу аспециалистцәа апациентцәа рыдыркылоижьҭеи.  

Апрофгәаҭарақәа хәада-ԥсада имҩаԥысуеит, изҭаху зегьы аконсультациахь инеир илшоит.

Атәыла агәабзиарахьчара аминистр, араион Ахадареи урыстәылатәи ауаажәларратә еиҿкаара «Жәлар рыфронт» ахаҭарнакцәеи аҳақьымцәа ирыҿцәажәеит, апациентцәа рыдкылара шымҩаԥысуа атәы еилыркааит.  Аҳақьымцәа иманшәаланы аусуразы иахәҭоу аҭагылазаашьақәа зегьы аԥҵоуп ҳәа иазгәарҭеит.

Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра ахада иажәақәа рыла, Гал ақалақь ахь ааԥхьара роуит ахәышәтәырҭа аҿы иазымхоз аспециалистцәа.

«Иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп «Жәлар рыфронт», «Аԥсны Акоманда», иара убас араион ахадара ахаҭарнакцәа. Ари даара акыр зҵазкуа усуп, апациентцәа рацәаҩны аспециалистцәа ирыдҵаалоит. Иҟоуп ааигәа иҟоу ақыҭақәеи араионқәеи рҟынтәи иаауагьы», – ҳәа иҳәеит Едуард Быҭәба.

«Ҳара иаабоит апациентцәа ари аус даара гәахәарыла ишрыдыркыло, уи иаанаго, иҟаҳҵо зегьы шбашам ауп», – ҳәа иазгәеиҭеит Москватәи апрофильрацәатә аклиникатә Центр «Коммунарка» (ММКЦ «Коммунарка») имаҷу аинвазивтә хирургиа Ацентр анапхгаҩы,  Донецктәи Жәлартә Республика Зҽаԥсазтәыз аҳақьым Борис Сычеников. 

Аспециалистцәа араион аҿы иҟазаауеит нанҳәамза 8 аҟынӡа, иарбоу амшгьы уахь иналаҵаны.


Read 18 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.