Афорум аҳәынҭқарратә ныҳәа -Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспублика аԥҵара рылазҳәаз адекларациа адкылара 35-шықәса ахыҵра иадҳәалахеит.
«Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспублика 35-шықәса ахыҵра аламҭалазы иҿыцу аера ахь ашьаҿа еихнагоит: акыр шықәса ирҭагӡахаз аиҭашьақәыргылара апроцесс ашьҭахь ареспублика аекономика аҿиара афаза ахь аиасра иалагоит. Иахьа ареспублика ԥхьаҟа аҿиарамҩа иануп, уи аинвестициақәа радыԥхьалареи адунеи азы иаартны аҟалареи алшоит», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада Алан Гаглоев.
Афорум рхы аладырхәуеит Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада Алан Гаглоев, Ареспублика Аԥсны Ахада Бадра Гәынба, Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара, Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа, Урыстәылатәи аекспорттә Центр, Урыстәылатәи Афедерациа Ацентрбанк, Урыстәылатәи Афедерациа арегионқәа, Сербтәи Ареспублика ахаҭарнакцәа. Иара убас асасцәа рхыԥхьаӡараҿы иҟалоит аилазаара дуқәа – ВТБ, ПСБ, ВЭБ, Ростех ахаҭарнакцәеи Урыстәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи абизнесс-ассоциациақәа ралахәылацәеи.
I Жәларбжьаратәи аекономикатә Форум «Аахыҵ Уаԥстәыла. Аинвестициақәа рылаԥшҳәаақәа» аспорт Ахан «Олимп» аҿы имҩаԥгахоит.
Афорум азы еиҳа инарҭбаау аинформациа аиура алшоит ателеграм-канал t.me/alaniaforum аҿы, иара убас асаит alaniaforum.org аҿы. Иара уааҵәҟьа Афорум алахәхаразы ашәҟәҭагалара ахысра ҟалоит.